АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Лаҵара.2025

Аҳәынҭқарра Ахада Гәдоуҭа араион аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рцашьа гәеиҭеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ахада Бадра Гәынба Гәдоуҭа араион лаҵарамза 10 рзы иҟалаз амшцәгьа ашьҭахь агәаҭаразы даҭааит. Аҳәынҭқарра Ахада аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рцашьа гәеиҭеит. Аҳәынҭқарра Ахада ицын Гәдоуҭа араион ахада Валери Аҩӡбеи Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниеи.

***

Раԥхьа Бадра Гәынба лаҵарамза 10 рзы аԥшатлакә иахҟьаны аԥхасҭа зауз Приморское ақыҭа даҭааит. Уи Атавинаа рҭаацәара рхатәыҩны аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит.

Уаҟа аҩны аԥшәмаԥҳәыс Ольга Атавина лажәақәа рыла, аԥшатлакә 100 метр ԥшьыркца инареиҳаны ахыб ахнахит, насгьы ааигәа иҟаз асасааирҭа ахыб иақәыз апрофнастил қәҵақәа аанагеит.

«Лаҵарамза 10 рзы ӷәӷәала аԥшасра ҵысит. Ҳара зегьы аҩны ҳаҟан уи аамҭазы, даараӡа ҳшәеит. Нас, маҷк амш анеиқәтәа ҳдәылҵит ҳанхара аҭагылазаашьа зеиԥшроу гәаҳҭарц. Ашҭаҿы ихнахыз ахыб ахәҭақәа ана-ара икажьын», – ҳәа илҳәеит лара.   

Ольга иазгәалҭеит адырҩаҽныҵәҟьа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ишрылагаз. Ԥшьымш рыла аҩны ахыб ҿыц ақәырҵеит, аӡазы абак ҿыц шьақәдыргылеит, инанагаз апрофнастил лассы иқәгахоит. Лара араиони атәыла анапхгареи рҟынтәи лҭаацәа ироуз ацхыраара азы иҭабуп лҳәеит. «Иҭабуп идуӡӡаны ҳзықәшәаз арыцҳара аҿы хшыҩзышьҭрада ҳахьааншәмыжьыз, адгылареи ацхыраареи ахьҳашәҭаз», - ҳәа илҳәеит лара.

***

Анаҩс Аацы ақыҭан Апаа рыҩны днеины ибеит. Уа лаҵарамза 10 рзы иасыз аԥшатлакә зынӡаск иақәнахыз ахыб ԥсаххоит ҳәа Аԥсны ахада адырра ииҭеит Акапиталтә ргылара аиҳабы Демир Гамсаниа. Иааидкыланы ахыб 242 метр ԥшьыркца иҟоуп, аусурақәа ирылагахьеит.

Гәдоуҭа араион аҿы иҟалаз аԥшатлакә иааизакны 28 обиект, 27 ҩни Мгәыӡырхәа ақыҭан иҟоу школки ааха рнаҭеит.

Аԥсны шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа аиҳабы Дамир Гамсаниа ишазгәеиҭаз ала, араион аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа зегьы ахыркәшамҭахь инеихьеит.

Ааха зауз ахыбрақәа реиҭашьақәыргыларазы аусурақәа рымҽхак 3500 метр ԥшьыркца иҟоуп, иааидкыланы рхарџь 16,7 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

 ***

Лыхны ақыҭан иаартхоит зхы иақәиҭу аиқәԥара аҽазыҟаҵаразы азал ҿыц.

Аҳәынҭқарра Ахада Гәдоуҭа араион иахьатәи аҭааран Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа аиҳабы Дамир Гамсаниа ас еиԥш аныпанҵа ииҭеит.  

Ааиқәԥаразы аспорттә зал ҿыц Лыхны Ахадара ахыбра ауадақәа руак аҿы иаартхоит.

Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Нарчоу Лазба Аԥсны ахада Бадра Гәынба иеиҳәеит, ақыҭа хәыҷқәа аҽазыҟаҵаразы Гәдоуҭаҟа ацара рықәшәоит, уа лассы-лассы зегьы аҭыԥқәа рызхом. Аиҭашьақәыргылара ашьҭахь, ара 40-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа рыдкылара алыршахоит, насгьы урҭ рхыԥхьаӡара ԥхьаҟа шә-ҩык рҟынӡагьы еиҳахар алшоит ҳәа.

«Цәыббрамза 1 аламҭалазы аҭоурыхтә Лыхнашҭа аҿы зхы иақәиҭу аиқәԥаразы аспорттә зал аартра азԥхьагәаҭаны иҳамоуп. Ҳара аусурақәа ҳрылагахьеит. 100-ҩык инарзынаԥшуа ахәыҷқәаари азал ахь аныҟәара рылшоит»-, ҳәа иҳәеит иара.

Аҳәынҭқарра Ахадаицыз ауааи иареи  иара убас Лыхны ақыҭа Ахадара ахыбрагьы аҭагылазаашьа гәрҭеит, уи аиҳарак аус ауӡом.

Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит Лыхны аҭоурых ду змоу қыҭоуп ҳәа. Убри инамаданы Ахадара ахыбра аԥенџьырқәа ԥсахны, ахаҿратә гангьы аремонт азузарц адҵа ҟаиҵеит. Иара убас аилатәарақәа рзал иҵегьы аԥхасҭа амаиурц азы ашә ҿаҵазарц анапынҵа ҟаиҵеит.

Аҳәынҭқарра Ахада иара убас Лыхны ақыҭан уаанӡа "Ачаисовхоз" аусзуҩцәа рзы аус зуаз ахәыҷбаҳча ахыбрақәа ҩба дырҭааны ибеит. Ақыҭа ахада Џьансыхә Чкотуа ишиҳәаз ала, ари ахыбра ргылан 1930-тәи ашықәсқәа рзы. Иахьа уи еиҭашьақәыргылазар, Лыхни ааигәа иҟоу даҽа 2-3 қыҭаки рхәыҷқәа ирызхон.

Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа иажәақәа рыла, ахыбрақәа руак аиҭашьақәыргылара алшом, аҩбатәи аҭагылазаашьа аҭҵааразы адҵа риҭеит Бадра Гәынба.

Уи адагьы атәыла Ахада Лыхны ақыҭан инхо ахәыҷы рацәа змоу Чеботариоваа рыҩны даҭааит. Лаҵарамза 10 рзы иҟалаз аԥшатлакә иахҟьаны ари аҩны ахыб ахнахит, аха аиҳабыра рымч ала уи еиҭашьақәдыргылахьеит.

Гәынба аҩны дыҩналаны игәеиҭеит, Акапиталтә ргылара аусбарҭа адҵа риҭеит аремонт ҟарҵарц, афымцамҩангагақәагьы рыԥсахырц.

«Ԥшьҩык ахәыҷқәа аҩны иҩноуп. Хымԥада амцакра ашәарҭара ҟамларц азы иахәҭоу аҭагылазаашьа аԥҵатәуп», -ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Уи адагьы, Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Гәдоуҭа араион ахада Валери Аҩӡба даниацәажәоз ажәалагала ҟаиҵеит абизнес знапы алаку ауааи араион ахадареи еицхырааны аҩнымаҭәа, абзазаратә техника, уҳәа аҭаацәара ирҭаху аҟны ацхыраара рырҭарц.

Иара убас Лыхны ақыҭан даҽа проблемакгьы  ыҟоуп – ақыҭа уахьналало адгьылҳәазара ахьыҟалало аҭыԥ.  

Акапиталтә ргылара аиҳабы Демир Гамсаниа Бадра Гәынба иеиҳәеит ақыҭа уахьналало адгьылҳәазара ахьыҟалало аҭыԥ аҿы аиҭашьақәыргылара шцо, уи мызкы аҟара аамҭа шаҭаххо.

***

Мгәыӡырхәа ақыҭан аԥшатлакә аԥхасҭа знаҭаз ашколгьы даҭааит Аԥсны ахада Бадра Гәынба. Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа иажәақәа рыла, 60 метр ԥшьыркца иҟаз ахыб еиҭашьақәыргылан. Уи аԥара азоунажьит араион ахадара. Ашкол анапхгара аҳәара ҟарҵеит ақәа ахькылсыз аҩазақәа ахьанылаз аҭыӡқәа рырҽеиразы ацхыраара ҟаҵазарц.

Иара убас Аԥсны ахада дырҭааит зхыб ахәҭак аԥша иахнахыз Еныкьаа рҭаацәара. 340 ԥшьыркца иҟаз ахыб шьаҭанкыла иԥсахзарц рыӡбеит. Аусурақәа хымшҟа ирыдхалоит ҳәа адырра ирҭеит Бадра Гәынба.

***

Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы абар шьҭа шықәсыки бжаки аус зымуа акомпиутерттә тамограф еиҭашьақәыргылахоит. Абри атәы иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа иҭаараан.

Иарбоу акомпиутертә тамограф арентген-мҩангага ԥхасҭахеит. Аиҭашьақәыргыларақәа рхарџь 11 инаркны 14 миллион мааҭ рҟынӡа иҟалоит. Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, аԥара лассы иазоужьхоит.

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иажәақәа рыла, адҵа рыҭоуп иааиуа амчыбжь азы аиҭашьақәыргылараз иаҭаху амаругақәа, атехника рыла реиқәыршәара.

«Ари дара зыхәԥса ҳараку амедицинатә еиқәыршәаганы ишыҟоугьы ҳтәылауаа ргәабзиара аиҷаҳара зегьы ирыцкуп»,  –  ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.

Уи иара убас Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа акоронавирустә ҿкы чымазара апандемиа аныҟаз аамҭазы инанагӡаз ароль азгәеиҭеит.

Арадиолог Сариа Лакоба ишазгәалҭаз ала, апандемиа аан мызкахьы зықьҩык рҟынӡа ауаа акомпиутертә томограф ала иҭырҵаауан. Иааидкыланы, ари аамҭа иалагӡаны, аҳақьымцәа 9 нызқьҩык инареиҳаны ачымазцәа ргәаҭара мҩаԥыргеит.

Гәдоуҭа араион ахь имҩаԥигаз агәаҭарақәа реихшьаалақәа ҟаҵо, араион аҿы аԥшатлакә иҟанаҵаз аԥхасҭа аԥыхразы аусурақәа мчыбжьыки бжаки рыла ихыркәшахоит ҳәа  иҳәеит Аԥсны Ахада Бадра Гәынба.

 

 


Read 294 times - Ашәахьа, 19 Лаҵара 2025 14:09
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.