АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 15:13

Баҭал Мышәба: аҳәаанырцәтәи абиржақәа рҿы ахәԥса аҽаԥсахра аазырԥшуа афинанстә рбага Аԥсны анефтаалыҵқәа рыхәԥса анырра анаҭоит.

Аҟәа. Цәыббамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абылтәыҭаҭәарҭақәа рҿы абылтәы ахәԥса шьҭыҵит Урыстәылатәи Афедерациа аҿы анефтаалыҵқәа рбиржатә хәыԥсақәа рышьҭыҵра инамаданы. Ари афактор  ареспублика абылтәы аҵыхәтәантәи ахәԥса ашьақәыргылараан аҳәаақәҵаратә ҟазшьа аманы иҟоуп, ҳәа абылтәы ахәԥсақәа рышьҭыҵра аҭагылазаашьа далацәажәо иҳәеит аенергетика аминистр Баҭал Мышәба.

Аԥсны абылтәы ахәԥса ашьақәгылара аахәаратә хәыԥса иадҳәлахоит, уих, ахәҭакахьала, урыстәылатәи аџьармыкьа акониуктуреи конкретла аамҭа ианыруа афакторқәеи анырра анаҭоит», —ҳәа иазгәеиҭеит иара.  

Аенергетикатә хылаԥшырҭа ахада иара убас иазгәеиҭеит ахәԥсақәа рышьақәыргылара иназыцҵоу факторны ишыҟоу иара убас ессаира ицәырҵуа алогистикатә уадаҩрақәеи анефтаалыҵқәа  рдәықәҵареи ирыдҳәаланы иҟоу апроблемақәеи.  

Баҭал Мышәба иахьа иаабо ахәԥсақәа рышьҭыҵра атенденциа иобиективу аџьармыкьатә факторны иҟоуп, избан акәзар, Урыстәыла абылтәы ахәԥса убасҵәҟьа акыр ишьҭыҵит, ҳәа иазгәеиҭеит иара.  

Убри аан уи аенергетика Аминистрра аҭагылазаашьа ахылаԥшра анаҭоит ҳәа иазгәеиҭеит.

Ахылаԥшырҭа ахықәкы хаданы иҟоуп атәыла абылтәы ресурсқәа рыла еиԥҟьарада аиқәыршәара алыршара.

«Азинмчы аҳәаақәа ирҭагӡаны Аминистрра иалшо зегьы ҟанаҵалоит иаалырҟьаны ахәсақәа реиҭакра армаҷразы», - ҳәа иҳәеит аенергетика аминистр Баҭал Мышәба.  


Read 22 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.