pressadmin-2
Ахылаԥшратә хәықәкытә программа «Ақыҭанхамҩа аҿиара» абиуџьет миллиардбжак аҟынӡа ишьҭыхуп.
Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ахада идикылаз азыӡбала ахылаԥшратә хәықәкытә программа «Ақыҭанхамҩа аҿиара» абиуџьет 500 млн. мааҭ аҟынӡа ишьҭыхуп. Абри азы Аҳәынҭқарра Ахада аҳәамҭа ҟаиҵеит «Лыхнашҭа» аныҳәаҟны иқәгылараан.
Бадра Гәынба Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Ахеилак аилатәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Ахеилак изаамҭанытәиим аилатәара мҩаԥигеит. АраҟаАҳәынҭқарра Ахадеи алахәылацәеи аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгара иалацәажәеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
ААУ иаатит IX Жәларбжьаратәи арт-пленер «Аԥснытәи ҭагалан аԥшшәхәқәа-2025».
Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы иаатит IX Жәларбжьаратәи арт-пленер «Аԥснытәи ҭагалан аԥшшәхәқәа-2025». Уи рхы аладырхәуеит Аԥсны, Урыстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи 30-ҩык инареиҳаны асахьаҭыхыҩцәа.
Сынтәа аусмҩаԥгатә иазкуп Аԥсны Раԥхьатәи Ахада В.Г.Арӡынба диижьҭеит 80-шықәса аҵра.
ААУ аректор, Урыстәылатәи Иԥсабаратәу анаукақәа Ракадемиа академик, апрофессор Алеко Гәарамиа еизаз аусмҩаԥгатә аартра рыдиныҳәалеит.
Руслан Аџьба асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп.
Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Иусԥҟала Руслан Аџьба асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп.
Аконфискациа зызуз ацраҳәабжа Иҷыдоу Арратә Операциа аҭаххрақәа рзы идәықәҵахеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Шәачатәи аҳазалхыҩцәа аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҿы аҳазалхратә гәаҭаразы иааныркылеит Аԥснынтәи иааз аш зхарԥоу ацраҳәабжа зцу аидарамҩангагатә автохага.
Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә ҳазалхратә Маҵзура Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аҳазалхратә гәаҭараан фактла иарбоу атранспорттә хархәагеи (ацраҳәабжа) аусшәҟәқәа иарбаз уи азы адыррақәеи реишьашәаламра аарԥшхеит. Аҳазалхратә ҳәаа ахысраан тауарк ала егьырҭ атауарқәа рыԥшра аҭара афакт ала Урыстәылатәи Афедерациа Административтә Зинеилагарақәа Рзакәанԥҵара ахәҭаҷ 16.1 ахәҭа 2 ала административтә усеилыргара хацыркхеит.
Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәа Аԥсны атәылауаҩ граммк еиҳаны аметадон идырбалеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 6 рзы Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәеи Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшра аҭаразы Аусбарҭа аусзуҩцәеи аҳазалхратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы дааныркылеит 1995 шықәса рзы ииз Аԥсны атәылауаҩ, Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан инхо Саманџьиа Руслан Нурбеи-иԥа.
Амра Ломиа Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа аиҳабы ихаҭԥуаҩыс дҟаҵоуп.
Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа рынагӡара, Аинвестициатә программа анагӡашьеи Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи робиектқәа рҿы изаамҭанытәиу аргыларақәеи аиҭашьақәыргыларатә усурақәеи рылацәажәареи иазкын Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа аҿы имҩаԥысыз аилатәара.
Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа аколлектив дыдирдырит ихаҭыԥуаҩ ҿыц – Амра Ломиа. Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа анапхгаҩы Демир Гамсаниа иажәақәа рыла, лара азанааҭтә ԥышәа ду лымоуп, лмаҵураҭыԥ ҿыц дахагылоит аусура анырацәоу аамҭазы.
Жәларбжьаратәи аинклиузивтә фестиваль «Ҳәаа змам адунеи» аатит Гагра ақалақь аҿы.
Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәларбжьаратәи аинклиузивтә фестиваль «Ҳәаа змам адунеи» аатит Гагра ақалақь, Т.Кәакәасқьыр ихьӡ зху акультура Аҩны аҿы жьҭаарамза 11 рзы. Арҿиара ҳәаадоуп: афестиваль сценак аҿы еиднакылеит Урыстәылеи Аԥсни рҟынтәи аҟыбаҩ злоу ауаа, иҷыдоу агәабзиаратә ҭагылазаашьақәа змоу ахәыҷқәагьы уахь иналаҵаны. Афестиваль иалахәуп Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи. Дара асцена иқәгылоит, арҿиаратә қәгыларақәеи арт-терапиазы аҟазара-классқәеи ирылахәуп. Уи адагьы, ауснагӡатә аҳәаақәа иҭагӡаны аԥсуа-аурыс рҵаҩцәеи аинклиузивтә еиҿкаарақәа русзуҩцәеи рԥышәеимдара азгәаҭоуп.
Аԥснытәи аделегациа Ареспублика Башкортосҭан Амш азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа иалахәуп.
Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аделегациа ареспублика Амш азы Башкириа иаҭааит.
Уфа ақалақь ахь иааит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аиустициа аминистр Анри Барцыц, егьырҭ ҳаҭыр зқәу асасцәа, ҳәа адырра ҟааҵоит Ареспублика Башкортосҭан анапхгара апресс-маҵзура.
Аҟәа ақалақь аҿы ақалақьтә адгьылқәаарыхара азы азыҟаҵаратә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ақалақьтә адгьылқәаарыхареи уи иҭышәынтәалоу афатә-ажәтә система ашьақәыргылараҿы инанагӡо ароли иазкын жьҭаарамза 10 рзы Ацентр «Проспект» аҿы имҩаԥгаз аинформациатә воркшоп ҳәа изышьҭоу азыҟаҵаратә усмҩаԥгатә.








