вчера 2:25
Аԥсабаратә ресурсқәа ирхылҵуа афымцамч аиуразы аиқәыршәагақәа шьҭарнахыс аҳазалхратә баџь ахшәаара ахәҭаны иҟаӡам.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсабаратә ресурсқәа ирхылҵуа афымцамч аиуразы аиқәыршәагақәа аҳазалхратә баџь аҟынтәи ахы иақәиҭыртәит.
Адепутатцәа амратә панельқәа, аԥшагенераторқәа, урҭ рыԥсахгахәҭақәа римпорт аан ихымԥадатәиу ашәатәқәа раԥыхрала аенергиа «иаҵәа» азы атехника аагара дырмариеит.
Азакәанԥҵара аиҭакрақәа ралагалара аекологиатә хыҵхырҭақәа рыҿиара адгылара аҭара иазырхоуп.






