АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 3:30

Аԥсны Апарламент адепутатцъа аӡбаҩцәа рзы афымцамч ахәԥса ашәаразы уаанӡа иҟаз альгота аԥыхра иақәшаҳаҭхеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент актәи аԥхьарала  «Аӡбаратә мчра азы» азакәан аӡбаҩцәа рзы афымцамч ахәԥса ашәаразы уаанӡа иҟаз альгота аԥыхра азԥхьагәазҭо аиҭакрақәа ралагалара иақәшаҳаҭхеит.  

Уажәы аӡбаҩцәеи урҭ рҭаацәеи акоммуналтә маҵзурақәа (алашара, аӡы, арԥхара) рыхәԥса 50% агырханы иршәоит.

Азакәан апроект иарбоу асиа аҟынтәи афымцамч алшара азԥхьагәанаҭоит. Адепутатцәа иҟарҵо алкаақәа рыла, апроект адкылара ахымԥадатәра зыдҳәалоу аенергетикатә усхк аҟны иҟоу аҭагылазаашьа уадаҩ ауп. Иҟоу аҭагылазаашьаҿы афымцамч ахә ахшәааразы азинҷыда ааныжьра ииашахом ҳәа ирыԥхьаӡоит.  


Read 49 times - Асабша, 27 Ԥхынҷкәын 2025 00:36
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.