Иара убас Апарламент Агәаҭаратә палата иааиԥмырҟьаӡакәа русура аихшьаалақәа амассатә информациа ахархәагақәа рыҟны иҟанаҵаларц адҵа ықәнаргылеит. Абри азы азакәан ариашарақәа аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдыркылеит Аԥсны Апарламент аҿы. Убас, Агәаҭаратә палата фымз рахь знык сааҭк еиҵамкәа ицо аҳәынҭқарратә телехәаԥшреи арадиодырраҭареи рканалқәа рҿы аефиртә аамҭа ахархәара азы азԥхьанҵа ҟаҵоуп.






