pressadmin-2
Аԥсны ақыҭанхамҩа асектори аҳәынҭқарратә напхгараҭара асистемеи аиҭакрақәа рҭахуп
Абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Гал араион ԥыхьатәи ахада Ҭемыр Надараиа, иагьазӷәеиҭеит агәаӷьра зҭаху ашьаҿақәа шыҟаҵатәу, урҭ рыда наҟ-наҟтәи аҿиара шзалымшо.
Аԥсны аграртә сектор зыԥшрак ҟамҵакәа амодернизациа азутәуп
Аԥсны аграртә сектор зыԥшрак ҟамҵакәа амодернизациа азура
иалнаршоит ақыҭа ауааԥсыра ақалақьқәа рахь нхара ҳәа риасра аанкылара.
Ақыҭа аҿиаразы акраҵанакуеит зхаҭабзиара ҳараку асоциалтә ҭагылазаашьақәа раԥҵара
Абри аҩыза агәаанагара лҳәеит Омсктәи атәылаҿацә асоциалтә усхк аинновациатә центр анапхгаҩы Ирина Сербина, Ауаажәларратә Палатаҿы имҩаԥысуа аилацәажәара аҟны лықәгылараан.
Аҵыхәтәантәи жәа-шықәса рыҩнуҵҟа ақыҭақәа рҿы ииуа ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара ҩынтә еиҵахеит
Абри азы аҳәамҭа ҟалҵеит аекономист Хатуна Шаҭ-иԥа Ауаажәларратә Палатаҿы имҩаԥысуа аилацәажәара аҟны.
Аҵыхәтәантәи жәа-шықәса рыҩнуҵҟа ақыҭақәа рҿы ииуа ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара ҩынтә еиҵахеит
Абри азы аҳәамҭа ҟалҵеит аекономист Хатуна Шаҭ-иԥа Ауаажәларратә Палатаҿы имҩаԥысуа аилацәажәара аҟны.
Ақыҭанхамҩа аҿиара амилаҭтә шәарҭадара иадҳәалоуп
Абри атәы лҳәеит Ауаажәларратә Палатаҿы имҩаԥысуа аилацәажәара «Аизҳазыӷьара аҵакыра: асоциал-економикатә ҿиаразы астратегиа» аҿы, ААУ арҵаҩы Илона Мерцхәлаа.
Ауаажәларратә Палатаҿы иаатит аилацәажәара «Аизҳазыӷьара аҵакыра: асоциал-економикатә ҿиаразы астратегиа»
Аиԥылара хықәкы хадас иамоуп ауаажәларра еиҳа ргәы иҵхо азҵаарақәа рзы абжьгарақәа реиқәыршәара. Аусмҩаԥгатә еиднакылеит атәыла анапхгара, аҭҵаарадырратә еилазаара, ауаажәларра ахаҭарнакцәа.
Афымцалашаразы ахәԥса миллион мааҭ инареиҳаны ишәоуп амобилтә хархәагақәа рыла
Аҟәа имҩаԥысит аспектакль «Афырхацәа» аԥхьарбара
Ф. А. Искандер ихӡ зху аурыс драматә театр аҿы имҩаԥысит аспектакль «Афырхацәа» аԥхьарбара. Ақәыргыламҭа апроект «Ҳәаа змам аҟазара» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥган.
Аҟәа имҩаԥысит аспектакль «Афырхацәа» аԥхьарбара
Ф. А. Искандер ихӡ зху аурыс драматә театр аҿы имҩаԥысит аспектакль «Афырхацәа» аԥхьарбара. Ақәыргыламҭа апроект «Ҳәаа змам аҟазара» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥган. Асценаҿы актиорцәа ирыцықәгылеит згәабзиаратә лшарақәа ԥку 13-ҩык ахәыҷқәа.
Апроект нагӡоуп Мирон Осиа ибзоурала, Акультура гәыҳалалратә фонд «Ашанеи» ауаажәларратә еиҿкаара «Аԥсны аԥеиԥши» рыцхыраарала.
Зынӡа аспектакль иалахәуп 60-ҩык инареиҳаны ауааԥсыра, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп авокалтәи ахореографиатәи коллективқәа, иалахәын иԥхьагылоу актиорцәа: Ирина Делба, Наталиа Папасқьыр, Марина Скворцова, Мадлена Барцыц, Рубен Депелиан, иара убас ааԥхьара иман актер Михаил Бабичев .
Апроект аидеиа авторс дамоуп Анна Савилова, анагӡаратә напхгаҩы — Мактина Џьынџьал.
Аиҿкааҩцәа ражәақәа рыла, апроект «Ҳәаа змам аҟазара» згәабзиаратә лшарақәа ԥку ахәыҷқәа акультуратә ԥсҭазаара иаланархәуеит.








