АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 19:56

Имҩаԥгахоит арҿиаратә еицлабра «Аҟәа амҵәыжәҩақәа: аиҩызара ацҳа»

В.Г. Арӡынба ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» арҿиаратә еицлабра «Аҟәа амҵәыжәҩақәа: аиҩызара ацҳа» захьӡу алахәхаразы азыҳәақәа рыдкылара иалагеит.

Арҿиаратә проект аҳаирбаӷәазатә комплекс ҿыц аартра иазкуп, иара убас Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара агуманитартә еимадарақәа рырӷәӷәара иазырхоуп.
Аицлабра иалахәхарц рылшоит 7-17 шықәса зхыҵуа ареспублика ашколхәыҷқәа. Аусумҭақәа ртематика иаҵанакуеит атәылауаҩратә авиациа аԥеиԥш, актәи ареис иазку асиужетқәа, Аԥсны аԥсабара асахьақәа, иара убас атәыла раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ипатреҭқәа. Аҵараиурҭақәа рҿы аусурақәа рыдкылара мҩаԥыслоит хәажәкырамза 26-нӡа.

Аусумҭақәа ахәшьара рнаҭоит аексперттә ӡбаҩцәа, уи иалахәуп: урыстәылатәи адипломатцәа, ареспублика акультуреи аҵареи рминистррақәа рхаҭарнакцәа, иара убас асахьаҭыхыҩцәа.
Аихшьалақәа рыҟаҵареи аԥхьахәқәа згаз аҳамҭақәа ранашьареи азыԥхьагәаҭоуп мшаԥымза 2 рзы аҳаирбаӷәаза ахыбраҿы, уаҟагьы иаатуеит иреиӷьу аусумҭақәа рцәыргақәҵа.
Апроект нагӡахоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедерациа ацҳаражәҳәарҭеи Гәылрыԥшь араион ахадареи рыцхыраарала.


Read 26 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.