Ари аԥшьгамҭа алыршахеит Едуард Быҭәбеи академик Шумаков ихьӡ зху НМИЦ адиректори Сергеи Готиеи Москва реиԥылараан.
Актәи аетап аан иалацәажәан амедицинатә ԥгаԥсала аҷаҷақәа атрансплантациа рзура алыршара азҵаара. Ари азҵаара Едуард Быҭәба хаҭала ахылаԥшра аиҭоит.
Аминистр аҳақьымцәа рнапы ианиҵеит ачымазаҩцәа рыҿцәажәара мҩаԥыргарц, атрансплантациа апрограмма зхы алазырхәырц зҭаху рсиа шьақәдыргыларц.






