АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 22:04

Мшаԥымза 2 рзы Москва ихацыркхоит Аԥсны акультура амшқәа

Апроект иамҽханакуеит ақалақьқәа хԥа — Москва, Владимир, Нижни Новгород ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла акультура аминистрра апресс-маҵзура.

Апрограмма иалалеит зыхьӡ-зыԥша хара инаҩхьоу В.Царгәыш ихьӡ зху Аԥсны аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз ансамбль ақәгыларақәа. (асахьаркыратә напхгаҩы — Аԥсны жәлар рартист, Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспублика жәлар рартист Валери Ҭаниа).

Артистцәа амилаҭтә фольклор абеиара зныԥшуа апрограмма ҷыда аздырхиеит.

Аԥснытәи аколлектив ақәгыларақәа мҩаԥгахоит Москватәи аҳәынҭқарратә академиатә театр «Аурыс ашәа» асценаҿы, Владимиртәи афилармониаҿы, иара убас Мстислав Ростропович ихьӡ зху Нижегородтәи аҳәынҭқарратә академиатә филармониа Кремльтәи аконцерттә зал аҿы.

Ари ҩ-тәылак ркультура аминистррақәа русеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны есышықәса имҩаԥысуа проектуп. Аԥсны Урыстәылатәи амшқәа мҩаԥгахоит мшаԥымза аҽеиҩшамҭазы.

Урыстәылатәи Афедерациа акультура аминистрра анапынҵала Урыстәыла акультура амшқәа еиҿнакаауеит РОСКОНЦЕРТ.


Read 54 times - Аԥшьаша, 26 Хәажәкыр 2026 17:21
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.