pressadmin-2

pressadmin-2

Амшын ацәқәырԥа дуқәа ирыхҟьаны Гагра араион 2010-тәи акилометр аҿы аихамҩа аӡәӡәеит.

Аԥсуа бызшәа аилазаара Иандекс абжьытә технологиақәа ирылагалахоит.

Аплатформа Иандекс аҿы абжьы ахархәаразтәи амаҵзураҿы аԥсуа бызшәа ҭагалахоит ҳәа Аԥсны Ахада Бадра Гәынба иахьа иҳалаиҳәаз ажәабжь даара угәы шьҭнахуеит ҳәа азгәалҭеит абызшәадырҩы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аусзуҩы Риҵа Сақаниаԥҳа.

Аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит иналукааша апоет, апрозаик, апублицист, ажурнал «Алашара» аредактор хада Анатоли Ианкәа-иԥа Лагәлаа.

Аԥсуа бызшәа аилазаара Иандекс абжьытә технологиақәа ралагалара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит Аԥсны Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои реиԥылараан.

Аԥсны аҵакыраҿы инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа ахәыҷқәа рзы асоциалтә шәарақәеи, убри аан ицәырҵуа азинтә зҵаарақәеи ирылацәажәеит Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои.

Иарбоу ауснагӡатә абылтәы иазку аџьармыкьа алахәылацәа зегьы рзы еиҟароу аҭагылазаашьақәа рзаԥнаҵоит.

Иреиҳаӡоу азакәан — ари баша иԥшӡоу ажәам , ари Аҳәынҭқарра злашьақәгылоу уасхыруп. Ауаа рмаҵура, рыстатус зеиԥшразаалакгьы азакәан зегьы рзы еиԥшны аус аулароуп.

2025 шықәсазы апрокуратура аусбарҭақәа русура аихшьалақәа ҟарҵоит, азакәанԥҵареи азинхьчареи рҭагылазаашьа иазааҭгылоит Апрокуратура аколлегиа аилатәараҿы.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.