АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Ԥхынҷкәын.2025

Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Рхадацәа иааиуа Ашықәс Ҿыци Қьырса ныҳәеи рзы адныҳәаларақәа еимырдеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 31, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Рхадацәа Бадра Гәынбеи Алан Гаглоеви иааиуа Ашықәс Ҿыци Қьырса ныҳәеи рзы адныҳәаларақәа еимырдеит.

Иҟарҵаз адныҳәаларақәа рҿы ахадацәа азеиԥш ҭоурых, агәреибагареи акзаареи рыла ишьаҭарку ҳажәларқәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа рыиашьаратә ҟазшьа инаҵшьны иазгәарҭеит.

Бадра Гәынба игәалаиршәеит ааигәа аԥснытәи аделегациа Аахыҵ Уаԥстәыла ашьақәгылара Амш 35- шықәса ахыҵра инамаданы Цхьынвал аҭаара, аҩганк реиԥылара иаҵаз аԥхарра, агәаартра атәы азгәеиҭеит.  

Ахәҭакахьала, Алан Гаглоев аҩ-ҳәынҭқаррак ртәылауаа реизҳазыӷьара иазырхоу 2026 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу апроектқәа рынагӡара иаҵоу аҵакы ахадара азгәеиҭеит.

Аҩ-ҳәынҭқаррак Рхадацәа иааиуа ашықәс ареспубликақәа реиҩызаратә, русеицуратә еизыҟазаашьақәа еиҳагьы ишарӷәӷәо, ареспубликақәа руааԥсыра аҭынчреи аҭышәынтәалареи хра злоу аиҭакрақәеи  шырзаанаго азы агәрагара аадырԥшит.


Read 170 times - Амҽыша, 04 Ажьырныҳәа 2026 13:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.