АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Ԥхынҷкәын.2025

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Бадра Гәынба Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 31, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа  Ахада Владимир Путин Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит. 

 Адныҳәалараҿы, ҷыдала, иҳәоуп:  

"Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа, 

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Ашықәс ҿыци Иаса Қьырса Иира аныҳәа лашеи.  

Ииасуа ашықәс азы Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аидгылареи астратегиатә усеицуреи реизыҟазаашьақәа қәҿиарала рыҿи ара мҩаԥысуан. Хәажәкырамзеи лаҵарамзеи рзы Москва ҳаиԥыларақәа акыр ихәарҭан, иалдыршеит ҳусеицураҿы еицыҳзыфеидоу  ахырхарҭа ҿыцқәа разгәаҭара.  

Ҳаргьы, ҳәарада, иконструктивтәу ҳусеицура иацаҳҵоит — урыстәылатәии аԥснытәии ажәларқәа реизҳазыӷьаразы, арегионалтә шәарҭадареи аҭышәынтәалареи ралыршаразы.   Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа, Шәара аԥхьа шәнаргыланы, ишәзааигәоу шәҭынхацәагьы Шәаргьы ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ахирра, ақәҿиарақәа, Аԥсны иқәынхо ауааԥсыра зегьы – анасыԥи аизҳазыӷьареи».


Read 100 times - Амҽыша, 04 Ажьырныҳәа 2026 16:15
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.