Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 31, 2025 шықәа. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Урыстәыла Ахада Владимир Путин Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа!
Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ишәыдысныҳәалоит иааиуа Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәа лашеи.
Ииасуа ашықәс Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аусеицура аҿиараҟны акрызҵазкуа шықәсны имҩаԥысит. Ҳаидгыларатә еизыҟазаашьақәа есааира аӷәӷәахара иаҿын, ҵак ҿыцла ихаҭәаауа.
Гәык-ԥсыкала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит Аԥсны иашәҭо адгыларазы, ҳтәыла алахьынҵеи уи атәылауаа реизҳазыӷьареи рганахьала иҟашәҵо азҿлымҳаразы.
Ииасуа ашықәс азы аҭыԥ ҷыда ааннакылеит Аиааира Ду 80 шықәса ахыҵра азгәаҭара. Ҳабацәеи ҳабдуцәеи рфырхаҵареи, аԥышәара хьанҭақәеи, жәҩахыреибыҭарала иргаз Аиааира дуи хашҭра рықәӡам, урҭ ҳажәларқәа еидыркылоит, ҳаамҭазтәи аизыҟазаашьақәа аҵак ҷыдеи, аҳаҭырқәҵареи, агәрагареи рыла ихарҭәаауа.
Иалыскаарц сҭахуп агәаартреи аилибакаареи рҟазшьа рыманы имҩаԥысыз ҳаиԥыларақәа. Урҭ акрызҵазкуа азҵаарақәа жәпакы рыӡбара, аԥсны-урыстәылатәи аусеицура аҿиараҟны алшара ҿыцқәа раартра иацхрааит.
Сгәы иаанагоит ҳазҭало ашықәс ҳусеицураҟны ашьаҿа ҿыцқәа, гәацԥыҳәарала аусеицура, ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аидгыларатә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара иаамҭаны иҟалоит ҳәа.
Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа, гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аихьӡарақәа, Урыстәылатәи Афедерациа иқәынхо ҳаиашьаратә жәларқәа зегьы — аҭынчра, аизыразра, ахирра, аизҳазыӷьара».






