Ақалақь асоциалтә политика аҿы акыр зҵазкуа еиҭакраны иҟалеит аҭыԥынтәаларазы хышықәсатәи аценз алагалара. Шьҭа амуниципалтә цхыраара аиуразы аҵыхәтәантәи хышықәса ирылагӡаны Аҟәа ақалақь аҿы ашәҟәҭаҩра азы арҵабыргра аҭаххоит. Ас еиԥш аӡбамҭа ақалақь анапхгараҭара еиҳа ииашаны абиуџьеттә қәыӷәӷәара азԥхьагәаҭареи иааиԥмырпҟьаӡакәа аҳҭнықалақь аҿы инхо ауааԥсыра рҿаԥхьа ирыду аԥхықәрақәа рынагӡара шалыршахо ашьақәырӷәӷәареи иацхраауеит. Хықәкылатәи ацхыраара еиҳа иуашәшәыроу атәылауаа ркатегориа амҽханакуеит: иарбоу ахықәкқәа рзы иазоужьуп 89 млн. мааҭ инарзынаԥшуа. Иарбоу аԥаратә хархәагақәа аветеранцәа, аинвалидцәеи ахәыҷырацәа змоу аҭаацәеи рыбжьара еихшахоит.
Иконкрету ашәатәқәа ршәагаақәа убасҵәҟьа ацҵара аганахьала еиҭахәаԥшын. Зхала ахәыҷы дзааӡо анацәа шьҭарнахыс хәыҷыцыԥхьаӡа изы ироулоит 4 000 мааҭ, аиаҭымцәа ракәзар – 18 шықәса рхыҵаанӡа есымза аӡәы изы 6 000 мааҭ азоужьлахоит. Хҩык, ма еиҳаны ахәыҷқәа змоу аҭаацәа хәыҷык изы 1 000 мааҭ инаркны 3 000 мааҭ роулоит. Иара убас ахәыҷы-инвалидцәа, мамзаргьы ихәыҷы аахыс I агәыԥ иаҵанакуа аинвалидра змоу ауаа ирхылаԥшуа 4 000 мааҭ рҟынӡа аԥаратә цхыраагӡатәқәа роулоит.
Асоциалтә программақәа рынагӡара инамҩатәны ақалақь мҽхакы ҭбаала аинфраструктура арҿыцра иацнаҵоит. Миллиардки бжаки инареиҳаны Анхара-коммуналтә нхамҩа аусхкы ахь идәықәҵахоит, араҟа еиҳа ихадоу ахыдҵақәас иҟалоит ӷәӷәала иқәсхьоу аӡымҩангагақәеи ацрыӡмҩангагақәеи шьаҭанкыла реиҭашьқәыргылара, иара убас аҳҭнықалақь аҿы иҟоу аҩнеихагылақәа рышҭақәа комплексла реиқәыршәазаара амҩаԥгара.






