АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Ажьырныҳәа.2026

Аҳәынҭқарратә автоинспекциа: Гәылрыԥшь араион аҿы Ашықәс Ҿыц ауха амҩатә машәырк ҟалеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 1, 2026 шықәса. Аԥсныпресс.  Ареспублика амҩадуқәа рҿы Ашықәс Ҿыц ауха аҭагылазаашьа ҭышәынтәалан ҳәа уҳәаратәы иҟоуп, ҳәа «Аԥсныпресс» акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аҳәынҭқарратә автоинспекциа Аусбарҭа аиҳабы Дамеи Аҩӡба.

«Аҷаԥшьаратә ҟәша» ахь авариақәа рзы адыррақәа ҟамлаӡеит, аха Гәылрыԥшь араион аҿы митәык иӷәӷәамыз амашәыртә хҭыс уеизгьы иҟалеит. Ари ахҭыс иахҟьаны аӡәгьы ааха имоуӡеит», - ҳәа иҳәеит Дамеи Аҩӡба.

Ахылаԥшырҭа ахада амашьынарныҟәцаҩцәа зегьы рахь агәҽанызаара аадырԥшларц, амҩатә ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц азы ааԥхьара ҟаиҵеит. 


Read 216 times - Асабша, 03 Ажьырныҳәа 2026 17:21
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.