Гагратәи ашьапылампыласҩы Алим Аиба 2025 шықәазтәи асезон азы иреииӷьу ахәмарҩы ҳәа далкаахеит.
Иреиӷьу амбахьчаҩы ҳәа дазхарҵеит акоманда «Ерцахә» ашьапылампыласҩы Леон Кәытелиа.
Амплуа ала иреиӷьу ахәмарҩцәа ҳәа ахьӡқәа ранашьахеит: ахьчаҩ Алиас Асланӡиеи ахьчабжа Наур Ҵнариеи (Ашьапылампылтә Клуб «Нарҭ»), ажәылаҩ Мараҭ Агрба ( Ашьапылампылтә Клуб «Риҵа»).
Иреиӷьу ашьапылампыл қәыԥш ҳәа далкаахеит Ашьапылампылтә Клуб «Гагра» ашьапылампыласҩы Рауф Званбаиа, иреиӷьу азыҟаҵаҩ ҳәа ахьӡ ианашьахеит Ашьапылампылтә Клуб «Гагра» азыҟаҵаҩ Хада Џьанкату Ҷкәуа.






