Аҳәынҭқарратә биуџьет адефицит – 530 млн. 242,1 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
«2024 шықәсазы Ареспублика Аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалахәытә хәҭа анагӡара – 15 млрд. 742 млн. 600,6 нызықь мааҭ, мамзаргьы 95,6 %, даҽакала иуҳәозар – 16 млрд. 466 млн. 067,3 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. 2023 иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, алагалақәа реизҳара – 362 млн. 496,1 нызықь мааҭ, мамзаргьы 2,4 % рыла еиҳауп. 2024 шықәсазы урыстәылатәи афинанстә цхыраара аицҵалыҵ – 3 млрд. 713 млн. 435,6 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Убри аан планла иазԥхьагәаҭан – 5 млрд. 479 млн. 233,9 нызықь мааҭ, мамзаргьы аҳәынҭқарратә биуџьет азеиԥш хашәалахәқәа иазырханы – 23,6 %», – ҳәа адыррақәа ааигеит Саид Гәыбаз.
Афинансқәа рминистр Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә биуџьет ахатәы хашәалахәқәа рыхәҭаа акыр ишазҳаз азгәеиҭеит.
2024 шықәсазы аҳәынҭқарратә биуџьет ахатәы хашәалахәқәа ралагалара ахышәа-ҵышәа – 12 млрд. 29 млн. 165,0 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит, убри аан планла иазԥхьагәаҭан 10 млрд. 986 млн. 833,4нызықь мааҭ, мамзаргьы 109,5 %.
Ари арбага 2023 шықәсазтәи арбагақәа раасҭа 22,4 % рыла, мамзаргьы 2 млрд. 205 млн. 319,2нызықь мааҭ рыла еиҳахеит, 2022-тәи ашықәс иаҿырԥшны уахәаԥшуаз – 49,8% рыла, даҽакала иуҳәозар – 3 млрд. 998 млн. 452,7 нызықь мааҭ рыла.
«Аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалахәқәа рыструктура аҿы ашәахтә хашәалахәқәа 9 млрд. 477 млн. 863,5 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар – алагалақәа рзеиԥш еицҵалыҵ аҟынтәи 60,2 % рҟынӡа инаӡеит; ишәахтәым ахашәалахәқәа – 2 млрд. 122 млн. 423,7 нызықь мааҭ, мамзаргьы 13,5 %; хырхынҳәара аҭахым алагалақәа – 4 млрд. 142 млн. 313,4 нызықь мааҭ, мамзаргьы 26,3 %», - ҳәа адырра ҟаиҵеит Саид Гәыбаз.
Аконтрольтә Палата ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Оҭырба, аҵыхәтантәи 4-5 шықәса рыла ари зегьы раасҭа еицәоу абиуџьет анагӡара ауцп ҳәа иазгәеиҭеит.
Уи иажәақәа рыла, уи зыдҳәалахаз урыстәылатәи афинанстә цхыраара аамҭала аанкылара ауп, уи инамаданы аныхтә ҭакԥхықәрақәак рынагӡара залмыршахеит.
«Абиуџьет ашьақәгылара аекономика аминистрра инанагӡо аекономикатә ҿиара аиндикативтә план аиқәыршәара ала иалагоит. Аплан ларҟәын», - ҳәа иҳәеит Зураб Оҭырба.
Уи ашәахтә шәатәқәа рыла ауалқәа рыҟазаара аанарԥшит ҳәа иазгәеиҭеит.
«1 млрд. 611 млн. мааҭ – ашәахтә шәатәқәа зегьы рзы иҟоу ауал аицҵалыҵ ауп.
Зураб Оҭырба иажәақәа рыла, ареспубликатә биуџьет 18 млн. 572 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо азарал аиуит.
Аконтрольтә Палата Апарламент ахь идәықәнаҵеит атәыла абиуџьет анагӡара азы азгәаҭарақәеи алкаақәеи.
Апарламент адепутат Кан Кәарҷия имаҷууи ибжьаратәуи абизнеси, урҭ рҟынтәи атәыла абиуџьет иалагалахо ашәатәқәа рхышәа-ҵышәеи ирыдҳәалоу азҵаара дазааҭгылеит.
Кан Кәарҷиа иажәақәа рыла, абжьацәажәаҩцәа рыда ишиашоу ала аусдкылара назыгӡо абизнес Аԥсны имаҷууи ибжьаратәуи абизнес аусура алҵшәақәа армаҷуеит. Убас иаагозар, асасааирҭа дуқәа рҿы уахык азы ахәԥса 33 мааҭ иркуеит. Иара ари азҵаара ахшыҩзышьҭра аҭатәуп ҳәа иазгәеиҭеит.
Егьырҭ адепутатцәагьы убасҵәҟьа рколлега иқәшаҳаҭхеит, урҭгьы атәыла аҿы имаҷууи ибжьаратәуи абизнес адгылара аҭахуп ҳәа иазгәарҭеит.
Беслан Ҳалуашь ашәахтә усзуҩцәа иарбоу азҵаара аҭышәынтәаларазы азакәанԥҵара иахәҭоу аиҭакрақәа алагалара аԥшьыргарц азгәарҭеит.
«Ҳара иҳамоуп ҳотельқәеи ҳсасааирҭақәеи рыԥшәмацәа Урыстәылатәи Афедерациа атуристтә еилазаарақәа аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵара рылзыршо азакәан ахацәгашьа. Уи иахҟьаны ахашәалахәқәа зегьы Урыстәылатәи Афедерациа аҟны иаанхоит: уаҟа дара ирмариоу, мамзаргьы даҽа ашәахтәқәҵара ахкы аҿы иақәтәоуп. Ҳара ҳакәзар, ҳтәылаҿы ироураны иҟоу ахашәалахәқәа рыда ҳаанхоит. Абизнесуаа, мамзаргьы атуристтә еилазаарақәа ари аҩыза атарифқәа рхы ирзаҭәашьозар, уи иаанаго, ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра, мамзаргьы ҳшәахтә закәанԥҵара урҭ рыԥсҭазаара акыр иармариоит ҳәа ауп», –иҳәеит Беслан Ҳалуашь.
Аизара Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба иажәақәа рыла, ари апроблема уажәы акәӡам ианцәырҵ, уи ҩба-хԥа шықәса раахыс иҟоуп.
Иара адемпингтә хәыԥсақәа ирылҵшәаны имаҷуи ибжьаратәуи абизнес, иаагозар идуум аномертә фонд змоу русура ԥкхоит ҳәа иазгәеиҭеит.
Асҭамыр Аршба ас еиԥш аҭагылазаашьа ааныжьра шыҟамло еилкааны аминистррақәа алархәны иарбоу апроблема аӡьаразы аусеицура шаҭаху азгәеиҭеит.
Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Едгар Бениа апроблема шыҟоу, уи доусы рымчи рылшарақәеи еилаҵаны шьаҿа-шьаҿала аӡбара шаҭаху азы адепутатцәа ргәаанагара дақәшаҳаҭхеит
2024 шықәсазы абиуџьет анагӡара аихшьаалақәа рылацәажәара ашьҭахь, адепутатцәа «2024 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет анагӡаразы» азакәан апроект иааиуа Апарламент асессиа аилатәара ахь актәи аԥхьараҿы адкыларазы ацәыргаразы абжьгара ҟарҵеит.
Иара убас «Аҳәынҭқарратә баџь азы» азакәан апроект актәи аԥхьараҿы адкыларазы абжьгара ҟаҵан. Иахьатәи амш азы аҳәынҭқарратә баџь ахышәа-ҵышәа арбараан Аԥсны азакәанԥҵарала ишьақәыргылоу, 60 мааҭ рҟынӡа инаӡо еиҵаӡоу аџьаԥса ахышәа-ҵышәа ҳасаб азура инамаданы, иарбоу аусшәҟәы аиуристтә ҵакы змоу ауснагӡатәқәа рзы, уи азы азинмчы змоу аусбарҭақәа, мамзаргьы амаҵурауаа рыла аусшәҟәқәа рыҭара азы аҳәынҭқарратә баџь ишьақәырӷәӷәоу ахышәа-ҵышәа ашьақәыргыларала аҳәынҭқарратә баџь аҳасабыркра армариара иазырхоуп.
Аекономика аминистр Ҭеимураз Миквабиа азакәан апроект аҿы аҳәынҭқарратә баџь ҳәа изышьҭоу аилкаара, аҳәынҭқарратә баџь ашәара зыхәҭоу, аҳәынҭқарратә баџь ашәара аԥҟарақәеи аҽҳәарақәеи, убри аан хазы игоу аҳәынҭқарратә баџь ашәаҩцәа рзы иҟоу азинҷыдақәа, уҳәа арбоуп ҳәа иазгәеиҭеит.
Азакәан апроект ала ишьақәырӷәӷәахоит аусбарҭақәеи амаҵурауааи Азакәан апроект иарбоу аиуристтә ҵакы змоу ауснагӡатәқәа рзы аҳәынҭқарратә баџь ада егьырҭ ашәатәқәа ралхра азы азин шрымам.
Апроект инақәыршәаны, аҳәынҭқарратә баџь зшәо рахь иԥхьаӡоуп аиҿкаарақәа, хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәеи хазхаҭалатәи ахаҿқәеи.
Асессиа аилатәара актәи аԥхьараҿы адкыларазы абжьгара ҟаҵоуп иара убас «Ацәгьоурала ирҳаз ахашәалахәқәа рлегализациеи атерроризм афинансыркреи рыԥхьырҟәҟәаара азы» азакәан апроект.
Азакәан апроект Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада «Ацәгьоурала ирҳаз ахашәалахәқәа рлегализациеи атерроризм афинансыркреи рыԥхьырҟәҟәаара азы» азакәан апроект аиқәыршәаразы аусуратә гәыԥ аԥҵаразы» иқәҵара инақәыршәаны еиқәыршәаны ацәгьоурала ирҳаз ахашәалахәқәа рлегализациеи атерроризм афинансыркреи рыԥхьырҟәҟәаара азы азакәанԥҵара аиӷьтәра азы идәықәҵан.
Иарбоу азакәан апроект ацәгьоурала ирҳаз ахашәалахәқәа рлегализациа аԥхьырҟәҟәаара амеханизм аԥҵарала атәылауаа, ауаажәларреи аҳәынҭқарреи рзинқәеи рзакәантә интересқәеи рыхьчара иазырхоуп.
Азакәан апроект анормақәа рзакәанмчы акредиттә еиҿкаарақәа рыда, иахәҭоу аинформациа уи иазку аусбарҭа ахь анашьҭра зыхәҭоу егьырҭ Ареспублика Аԥсны азинхархәаратә субиектқәагьы амҽханакуеит. Уахь иаҵанакуеит ахәҭакахьала, антариуқәа, аиуристтәии аҳасабырбаратәи амаҵзурақәа русхкы аҿы аусдкылара знапы алаку ауаа.