АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Лаҵара.2025

Ареспубликатә реабилитациатә Центр атехникатә ҟәша аныхтә маҭәахәқәа раахәара аганахьала ауадаҩрақәа азцәырҵит.

Аҟәа. Лаҵарамза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәааи атәыла аԥыза-министр Владимир Делбеи  Гагра ақалақь аҿы иҟоу Ареспубликатә реабилитациатә Центр атехникатә артопедиа аҟәша иаҭааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Ацентр аҳақьым хада Валери Аҩӡба  амедусбарҭа аусура атәы, уи апротезқәа рыҟаҵараан иазцәырҵуа апроблемақәа, уҳәа ртәы еиҭеиҳәеит.  Уи иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы асанкциақәа ирыхҟьаны аныхтә маҭәахәқәа раахәара аганахьала ауадаҩрақәа маҷымкәа ицәырҵит.

Аҳәынҭҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩи атәыла аԥыза-министри ишьақәгылаз аҭагылазаашьа арҽеира шалыршахо азы аҳәамҭа ҟарҵеит.

Анаҩс Беслан Бигәааи Владимир Делбеи Ареспубликатә реабилитациатә Центр аҿы зҽызхәышәтәуа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа ирыҿцәажәеит. Урҭ Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵала арахь ишааз рҳәеит.

Аветеранцәа Ацентр аҿы анхареи аҽыхәышәтәреи рҭагылазаашьақәа зеиԥшроу атәы еиҭарҳәеит.

Владимир Делба аибашьра аинвалидцәа иара ареабилитациатә Центр аҩныҵҟа ихымԥадатәиу ацхыраара зегьы роулароуп ҳәа иазгәеиҭеит.

 


Read 188 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.