АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 2:28

Зыкапан ҷыдала ирацәоу анаркотикатә маҭәашьар амхра мҩаԥыргеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 12, 2026 шықәса. Аԥсныпресс Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара ахылаԥшреи аҿагылареи рзы Аусбарҭа аусзуҩцәеи ашьаусԥшааратә усбарҭа аусзуҩцәеи қәҿиарала имҩаԥыргаз аоперативтә усмҩаԥгатә иабзоураны иааныркылеит ҩыџьа аҳәса. Урҭ анаркотикатә маҭәашьарқәа Аԥсны иахьаҵанакуа изакәанымкәа рыҵәахреи рыҭиреи рҿы игәҩароуп.

Аоперативтә усура иалҵшәаны даанкылан 1988 шықәсазы ииз, Аҟәа ақалақь аҿы инхо Улиана Гәарамиаԥҳа, уи автомашьына «Хонда Фит» аԥсҟы лкын. Лара амашьынаҿы длыцҭатәан  1983 шықәсазы ииз, Шәача ақалақь аҿы инхо  Лилиа Шарифуллина. Иаанкылаз аҳәса хаҭала ргәаҭараан хатәгәаԥхарала ирымаз анаркотикатә маҭәашьар цәырыргеит.  

Аекспертиза ишышьақәнаргылаз ала, аҳәса ирымхыз 11 еилаҳәара иргәылан зыкапан 20 грамм рҟынӡа инаӡоз анаркотикатә маҭәашьар «амфетамин». Анаркотикқәа изакәанымкәа Шәача ақалақь Адлертәи араион иахьаҵанакуаз иаахәан, анаҩс маӡала Аԥсныҟа иалагалан.   

Улианы Гәармиа илымхыз аҭел аҿы ирбеит лара уаанӡа «имаӡоу ацәыҵаҵарҭақәа» ахьыҟалҵаз агеолокациа акоординатқәа зцыз аҭыԥқәа рфотосахьақәа.

Аҟәа араион аҿы амилициа аусзуҩцәа ирыԥшааит анаркотикатә маҭәашьарқәа ахьыҵәахыз имаӡоу аҭыԥқәа ԥшьба.

Ирыԥшааз анаркотикатә маҭәашьар «мефедрон» иааизакны акапан 27 грамм аҟынӡа инаӡоит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусеилыргаратә усбарҭа ашьаусеилыргара хацнаркит. Лилиа Шарифуллина зыкапан ҷыдала иҳараку анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа атәылахь ралагалара азы ахара лыдҵоуп, Улиана Гәарамиа — анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа раахәареи рыҭиреи рзы ахара лыдҵоуп. 


Read 32 times - Ашәахьа, 12 Ажьырныҳәа 2026 18:41
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.