АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Ԥхынҷкәын.2025

Аҟәа ақалақь аҿы апремиа «Аԥыза қәыԥш” анашьара мҩаԥысит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Апремиа «Аԥыза қәыԥш» анашьара мҩаԥысит асабша, ԥхынҷкәынмза 27 рзы  Аҟәа ақалақь аҿы.

Иахьа Аҟәа еилкаахеит 2025 шықәсазы иреиӷьу «Аԥыза қәыԥш» аԥхьахә аҟны иалкаахаз рыхьӡқәа. Иҷыдоу акомиссиа аминистррақәа, аҳәынҭқарратә еилакқәа, аӡбарҭақәа, аҭыԥантәи анаԥхгараҭарақәа, Апарламент, Аминистрцәа реилазаара, апрокуратура Хада, Аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра, Амилаҭтә банк рҟынтәи иреиӷьу аусзуҩцәа ҿарацәа алнахит.

Аԥыза қәыԥшцәа ирыдныҳәаларц иааит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, атәыла аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба.

Аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи иреиӷьу аусзуҩ ҿарацәа ҳәа иалкаахеит:

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы - Салима Адлеиԥҳа;

Агәабзиарахьчара Аминистрра аҿы - Лана Какалиаԥҳа;

Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы - Асҭамыр Асабуа;

Акультура Аминистрра — Уасил Ӡиӡариа.

Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра — Милана Сангәлиаԥҳа.

Атәылахьчара Аминистрра — Ҭемыр Кәпалба.

Аҵара Аминистрра — Гәында Гәымԥҳа.

Ақыҭанхамҩа Аминистрра — Никита Ԥачалиа.

Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи Рминистрра — Сырма Амԥарԥҳа.

Атуризм Аминистрра — Оксана Табагәуаԥҳа.

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра — Саид Аџьба.

Афинансқәа Рминистрра — Диана Тәанԥҳа.

Аекономика Аминистрра — Алина Маанԥҳа.

Аиустициа Аминистрра — Анастасиа Басариаԥҳа.

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа — Милена Гәыбаз.

Арепатриациа азы Аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы— Николь Кәыҵниаԥҳа.

Аимадареи амассатә коммуникациақәеи ацифратә ҿиареи рзы Аҳәынҭқарратә  Еилакы  аҿы - Аслан Ладариа;

Астандартқәеи ахархәаратәи атехникатәи ахылаԥшра азы Аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы - Анри Аргәын;

Астатистика азы Аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы - Омар Арҩҭаа;

Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аҿы - Асҭамыр Гемуа;

Аҵиаақәа ркарантин азы Аҳәынҭқарратә Маҵзура аҿы -  Сабина Қәҭелиаԥҳа.

Амиграциатә маҵзура аҿы - Мадлена Харчлааԥҳа.

Апарламент Аппарат аҿы – Милена Хәаҭланӡиаԥҳа.

Аминистрцәа Реилазаара аҿы - Алина Џьонуаԥҳа.

Апрокуратура Хада аҿы - Константин Кобахьиа.

Амилаҭтә банк аҿы - Леон Багаҭелиа.

Аҳәынҭтелерадиоеилахәыра аҿы - Кама Адлеиԥҳа.

Аҟәа ақалақь Ахадара аҿы - Гәыранда Конџьариаԥҳа.

Аҟәа араион Ахадара аҿы - Инал Хәарцкьиа.

Гагра араион аҿы- Татиана Саноиан.

Гәдоуҭа араион аҿы - Ренат Абӷаџьаа.

Гәылрыԥшь араион  аҿы -Александр Лакәытаа.

Очамчыра араион Ахадара аҿы - Ҭамуна Кобахьиԥҳа.

Тҟәарчал араион аҿы - Нино Елиава.

Гал араион аҿы - Иракли Џьумуҭиа.


Read 13 times - Ашәахьа, 12 Ажьырныҳәа 2026 13:59
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.