АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 16:42

Бадра Гәынба Аԥсны жәлар Ажьырныҳәа рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 13, 2026 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны жәлар Ажьырныҳәа рыдиныҳәалеит.

«Ҳаҭыр зқәу Аҧсны жәлар! Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит Ажьырныҳәа!

Жәытә-натә аахыс апсуаа ҳзы ари аныҳәа лымкаала аҵак ҷыда аман. Уи рызкыуп ҳҵасқәа рныҟәгара, ҳажәлар ракзаара, аҭаацәа реидкылара.

Иҧшьоу Ажьырныҳәа рыдысныҳәалоит ҳауаажәлар зегьы-зыҧсадгьыл аҿы инхо реиҧш аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуаагьы.

Ҳахьыҟазаалакгьы ҳаиднакылоит Аҧсынтәыла, ҳбызшәа, ҳмилаҭтә культура, ҳаҧсадгьыл абзиабара.

Ҳаҧсуара мырӡкәан аҧсуа ҳәынҭқарра уасхырс иазышьҭаҵаны ҳхықәкы хада иацаҳҵар хымҧада аихьӡара дуқәа ҳҧеиҧшзаауеит.

Акыр иаҧсоу ҳауаажәлар! Ишәзеиӷьысшьоит агәабзиара, аманшәалара, ҭаацәаныла аизҳара! Ажьырныҳәа алҧха шәымазааит!

Ҽааныбзиала шәнеиааит!»


Read 42 times - Ахаша, 14 Ажьырныҳәа 2026 13:56
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.