pressadmin-2
Аԥсны аенергетикатә система аусура иазкыз аиԥылара мҩаԥигеит аԥыза-министр Владимир Делба
Аиԥылараҿы ирылацәажәан ахатәы фымцалашарахь ҳаиасаанӡа иаанхаз аамҭа маҷ иманшәаланы ахысразы имҩаԥгатәу ауснагӡатәқәа ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.
Автономтә икоммерциатәым аиҿкаара «Аԥсны агәы» аӡыргара Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит
Апроект анапхгаҩы Мактина Џьынџьал лажәақәа рыла, аиҿкаара аҿаԥхьа иқәнаргылоит амбициатә дҵа: аҳәынҭқарра, ауаажәларра, икоммерциатәым асектор, абизнес рымчқәа еимаздо акакәны аҟалара.
Аҟәа аԥшаҳәаҿы ирбаз археологиатә ԥшаахқәа рлахьынҵа иалацәажәеит Жәлар Реизараҿы
Еиҭашьақәдыргыло аҳҭнықалақь аԥшаҳәаҿы ирбаз археологиатә ԥшаахақәа ирызкыз аилацәажәара мҩаԥысит Жәлар Реизараҿы.
Аҟәеи Ханты-Мансиисктәи «РусЛаини» рыбжьара ареисқәа хацдыркуеит мшаԥымза 25 инаркны
Ақалақь аҿы абџьар аныҟәгара иадҳәалоу азҵаарақәа дырзааҭгылеит Бадра Гәынба амедиа-проект «Ҳара» аинтервиу анаиҭоз
Ешсоу Какалиа дахьырхәыз ахҳәаа азуа Бадра Гәынба иазгәеиҭеит «Рыцҳарас иҟалаз ақалақь аҿы абџьар аныҟәгареи ахысреи лассы-лассы аҭыԥ амоуп» ҳәа.
Бадра Гәынба: Атәыла ашәарҭадара аҳәынҭқарразы иреиҳау хықәкуп
Атәыла ашәарҭадара аҳәынҭқарразы иреиҳау хықәкуп, уи ахырхарҭала есыҽнытәи аусура иацҵахоит иҳәеит Ахада Бадра Гәынба амедиа-проект «Ҳара» аинтервиу анаиҭоз.
Уфантәи Аҟәаҟа ишиашоу аҳаиртә еимадара бжьалоит абри атәы иҳәеит Башкириа Ахада Ради Хабиров
«Ари ахырхарҭа иадҳәалоу азҵаарақәа ҳрылацәажәеит, Анцәа иҳәар аԥырра хацыркхоит аԥхын» — ҳәа арегион анапхгаҩы иажәақәа аанагоит Башинформ.
Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра змоу Аԥсны ауааԥсыра Урыстәыла хәыда-ԥсада амедицинатә цхыраара роулоит
Урыстәылеи Аԥсни ргәабзиарахьчара аминистрцәа Михаил Мурашкои Едуард Быҭәбеи Урыстәылатәи атәылауаҩра змоу ареспублика ауааԥсыра, Урыстәылатәи Афедерациаҿы амедицинатә цхыраара аиура алзыршо аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Москва имҩаԥысуаз афорум «Изҩыдоу ауаажәларра» аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аԥсны ауаажәларратә палата VII ааԥхьара аилазаарахь алхразы еиуеиԥшым аусбарҭақәа рҟынтәи ашәҟәқәа рыдкылара иалагеит
Аԥсны ауаажәларратә палата VII ааԥхьара алаҳәара ҟанаҵоит ауаажәларратә хеидкылақәа, икоммерциатәым аиҿкаарақәа рхеидкылақәа, аҭҵаарадырратәи аҵаратәи усбарҭақәа, азанааҭтәи арҿиаратәи еидгылақәа рхаҭарнакцәа рҟынтәи ашәҟәқәа рыдкылара ишалаго Аԥсны Ауаажәларратә палата VII ааԥхьара аилазаарахь алхразы.
Пицунда ауахәамаҿы асахьаркыратә лашарабагақәа ықәдыргылеит
Пицундатәи ауахәама афбатәихеит апроект «Кәакьцыԥхьаӡа акультура алашара анагара» иабзоураны шәыга ҿыцла илашаз.








