АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 8:48

Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аҿы аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Рашәарамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Бырцыц рашәарамза 5 рзы усуратә визитла Урыстәылатәи Афедерациа даҭааит.  

Иахьа уи Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аҿы аусуратә еилатәара мҩаԥигеит. Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.

Аиԥылараҿы Урыстәыла иҟоу Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Ацҳаражәҳәарҭа ҳазҭагылоу аамҭазы имҩаԥнаго аусуразы аҳасабырба ҟаиҵеит.

Аиԥылараҿы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аимадарақәа рыҿиареи рырӷәӷәареи рҳәаақәа ирҭагӡаны, Урыстәыла иҟоу аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рдипломатиатә миссиақәа рҿы аимадара ҿыцқәа рыбжьаҵара, рырӷәӷәара иадҳәалоу азҵаарақәа рҿы Ацҳаражәҳәарҭа аусура активтәра аҵак ду шамоу азгәаҭан.

Рашәарамза 6 рзы имҩаԥысраны иҟоуп Олег Барцыци Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови реиԥылара.  

Имҩаԥысраны иҟоу аиҿцәажәарақәа рҿы аганқәа аԥсны-урыстәылатәи аҳәынҭқаррабжьаратәи амшхәаԥштә актуалра злоу азҵаарақәа ирылацәажәоит.

 


Read 112 times - Ахәаша, 06 Рашәара 2025 20:45
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.