АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Рашәара.2025

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа усутә визитла дааит.

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. 2025 шықәса, рашәара 5 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа даҭааит. Аҳаирбаӷәазаҿы аминистр иԥылеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа.

Рашәара 6 азы Москва ақалақь аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Урыстәылатәи уи иколлега – адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови реиԥылара мҩаԥысран иҟоуп.

Аганқәа рылацәажәоит аҳәынҭқаррабжьаратәи аԥсны-урыстәылатә усеицура амшхәаԥштә иазку актуалтә зҵаарақәа.

 


Read 93 times - Ахәаша, 06 Рашәара 2025 20:53
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.