АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 3:20

Иҿыцу аклассқәа аадыртраны иҟоуп Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа ашҭаҿы.

Аҟәа. Рашәарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Инацҵаны акласс ҿыцқәа цәырҵраны иҟоуп А.К. Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аҿы. Абри атәы еилкаахеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба аԥшьаша, рашәарамза 5 рзы иарбоу аҵараиурҭа иҭаара анымҩаԥысуаз аҽны.

Аиԥылараҿы аҵараиурҭа ашҭаҿы игылоу ажәытә хыбра ақәгареи уи аҭыԥан ҩ-еихагылакны иҟоу ахыбра ҿыц аргылареи рзы аӡбамҭа рыдыркылеит. Аҳәынҭқарра Ахада анапынҵақәа ҟаиҵеит аамҭа кьаҿ иалагӡаны аргылара аплан еиқәыршәаны адгалара мҩаԥыргарц азы.

«Иахьа сара саҭааит асахьаҭыхратә ҵараиурҭа, ахыбра арҭбааразы иҟоу алшарақәа гәасҭеит. Агәра ганы сыҟоуп ас еиԥш адгылара астудентцәа еиҳа зыҩаӡара ҳараку разыҟаҵаразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа шаԥнаҵо», - ҳәа иҳәеит иара.

Уи иажәақәа рыла, еиқәыршәахоит зҵакыра 100 ԥшьыркцатә метр иреиҳау аҿаԥшьы апроект. Уаҟа иҟалоит акласс ҿыцқәеи астудиақәеи.  

Асахьаҭыхыҩ Руслан Габлиа, ари ажәытә хыбра  100 шықәса рҟынӡа ахыҵуеит, уи азыҟаҵарақәа рымҩаԥгаразы иақәшәо иҟаӡам, избан акәзар, аханатә уи азеиԥшнхарҭа аҳасабала идыргылеит ҳәа иазгәеиҭеит: 

«Иҟоуп даҽа уадаҩракгьы. Уи аҿыханҵа-сахьаҭыхратә ҟазарҭақәеи аскульптурақәа рыҟаҵарҭақәеи рҿы иҟоу арлашара азымхара ауп изыдҳәалоу. Иҟоу аҭагылазаашьаҿы ҳара илашоу ҟазарҭа заҵәык ауп иҳамоу ҳәа уҳәаратәы иҟоуп». 

Руслан Габлиа Аҳәынҭқарра Ахада ари аԥшьгара иаразнак адгылара шаиҭаз азгәеиҭеит:

«Сара сгәы иаанагоит ари азҵаара ӡбахоит ҳәа», - иҳәеит иара.

Аҳәынҭқарра Ахада иара убас аҵараиурҭа аҟазырҭақәагьы дырҭааит. Аҵараиурҭа адиректор Амиран Адлеиба Бадра Гәынба апоет Иуа Коӷониа ибаҟа амакети аҳ Леон II ибаҟа апроекти иирбеит. Аҳәынҭқарра Ахада апоет Иуа Коӷониа ибаҟа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра ҟалаанӡа еиԥш уажәгьы асквер аҿы игылазар ахәҭоуп ҳәа игәаанагара иҳәеит.  


Read 113 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.