АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Рашәара.2025

Ичмазаҩу ахәыҷқәа рзы есышықәсатәи агәыразратә акциа «Ахәыҷра аныҳәа. Иқьиоу акартош» амҩаԥгарала 174 нызықь мааҭ еизыргеит.

Аҟәа. Рашәарамза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 1 рзы, Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара Амш аҽны, Акультура-гәыҳлалратә Фонд «Ашана» ақьафурҭа «А-бургер» адгыларала традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш, есышықәсатәи агәыҳалалратә акциа «Ахәыҷра аныҳәа. Иқьиоу акартош» мҩаԥнагеит.

Абар жәы-шықәса инеиԥынкыланы ари ахҭыс еиднакылоит ауаа рыгәқәа, ахәыҷқәа рыхьчара Амш аҽны ақьиареи агәыҳалалреи рмарафон мҩаԥысуеит.

Ақьафурҭа «Aburger» ари амш аҽны ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи адзыԥхьало центрны иҟалеит.

Апрофессионалтә аниматорцәа злахәыз агәырҿыхаратә ахәыҷтәы программа, аинтерес зҵоу аҟазара-аклассқәа, еицырдыруа аԥсуа артистцәа рықәгыларақәа акы иаламҩашьоу атмосфера шьақәдыргылон.  

Акциа иҷыдоу аҟазшьа анаҭеит акассақәа рҿы игылаз «амедиатә иаҵәахәқәа»: аҳақьымцәа, ажурналистцәа, афонд «Ашана» аҩызцәеи апартниорцәеи.

Сынтәа Ареспублика Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы аҷыдалкаатә зинмчы змоу, аамҭак ала Афонд «Ашана» адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа  хаҭала «кассирс» аҟалареи агәыҳалалразы аԥаратә хархәагақәа реизгара алахәхареи рзы алшара лоуит.

«Рашәарамза 1 азы акартош фри, мамзаргьы жәытә ҵасла иҟаҵоу акартош аазхәаз зегьы рыбзоурала, сынтәа агәыҳалалратә еизгара аицҵалыҵ уаҩ иимбац ала идухеит – 174 380 мааҭ! Ари арекордтә еицҵалыҵхеит иарбоу акциа амҩаԥгара ашықәсқәа зегьы рзы, ас еиԥшҵәҟьа иҟалоит ҳәа аӡәгьы дақәгәыӷуамызт, уи иаанагогьы ақьиареи аразреи имариоу, аха агәахәара зцу аусқәа рыла ицәыргазаргьы ауеит ҳәа ауп», - ҳәа адырра ҟанаҵоит ахәыҷқәа ромбудсмен Иаппарат.

Иқьиоу традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш, ирҳаз аԥаратә хархәагақәа зегьы «Акультура-гәыҳалалратә Фонд «Ашана» ахь ииагоуп, урҭ ӷәӷәала ичмазаҩу Аԥсны ахәыҷқәа рыхәышәтәразы идәықәҵахоит.

 


Read 170 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.