2008 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеит, анаҩс уи азханаҵеит Венесуела, Никарагуа, Науру, Тувалу. Сергеи Багаԥшь напхгара зиҭоз аԥснытәи аделегациа нанҳәамза 2010 шықәсазы аибадырратә визит аҳасабала Лаҭынтәи Америка атәылақәа ирҭааит. Сергеи Багаԥшь аҳынҭқарра данахагылаз аамҭазы Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара аныҟала ашьҭахь раԥхьаӡа акәны ареспублика аусуратә визитла даҭааит Урыстәылатәи Афедерациа аԥыза-министр Владимир Путин (2009 ш.), нанҳәамза, 2010 шықәсазы усҟан Урыстәыла Ахадас иҟаз Дмитри Медведев.
Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь 63-шықәса дшырҭагылаз иаамҭамкәа иԥсҭазаара далҵит лаҵарамза 29, 2011 шықәсазы. Сергеи Багаԥшь Урыстәылатәи Афедерациа Москватәи аклиникатә хәышәтәырҭа №83 аҿы дышьҭан. Уи игәамбзиара аҭагылазаашьа иҟаз ала, ишьақәыргылан Аԥсны Ахада ирыԥҳа акиба шамаз.
Аԥсны Аҩбатәи Ахада ирыԥҳақәа рҿы иҟаҵаз аԥҟара ашьҭахь мчыбжьык ааҵуаны лаҵарамза 27 ауха Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь игәабзиара зынӡа ицәгьахоит. Уи ацхыраара ӷәӷәа шимазгьы, ичымазара дзазымиааикәа идунеи иԥсахуеит.
Сергеи Багаԥшь Анышә дамадоуп Очамчыра араион, иқыҭа гәакьа Џьгьарда иани иаби рывараҿы.