Аусхкы ахаҭарнакцәа иара убас амонополиа иаҿагыло азакәанԥҵара аҟамзаара аганахьала агәҭынчымра аадырԥшит. Уи азҵаара аганахьала аминистр ауаажәларратә зхьаԥшреи ари азҵаара актуалреи, иарбоу азакәан апроект аиқәыршәара азы стимулны иҟалар алшоит ҳәа иазгәеиҭеит.
Аиԥылара иалахәыз атуризм Аминистрра имҩаԥнагоз агәаҭарақәа рҟынтәи усҟантәи апериод азы илегалым атуристтә усура амҽхак алаҟәра ала иалкаахаз хра злоу аеффект атәы азгәарҭеит. Иара убас ишьҭыхын ессааира изызҳауа иаауа атуристцәа рхыԥхьаӡара инамаданы, урҭ иддырбо, ирыдыргыло аобиектқәа рсанитартә нормақәа рҭагылазаашьа азҵаара.
Аиԥылара иалахәыз ажәалагалақәак ҟарҵеит:
– агидцәа разыҟаҵара ахаҭабзиара ашьҭыхразы атуристтә фирмақәа рыштат ахь аметодистцәа рырхынҳәра;
– инагӡахо амаршрутқәа рырбарала аекскурсиамҩаԥгаҩцәа рбеиџьқәа рҿы QR-кодқәа ралагалара;
– ауаажәларратә ҭыԥқәа рҿы аекскурсиақәа рыҭиразы аинформациатә штендерқәа иаку адизаин аԥҵара;
– асезон асакьаҳәымҭаз аԥсабаратә обиектқәа рахь анеиразы амҩақьырақәа реиҭахәаԥшра (иаагозар, Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «РАРП», иара убас Афонҿыцтәи аҳаԥы ахь);
– Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа аҿы аекскурсиатә усура ахырхарҭа аҿиара.
Аминистр аԥшьгарақәа адгылара шроуа азгәаҭо, амҩақәҵагақәа QR-кодқәа ралагалара ишалагахьоу иҳәеит.
Аиԥылара ахыркәшамҭаз иара аиԥылара иалахәыз зегьы аамҭа ԥшааны иахьааиз азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит, ҭакԥхықәрала аусеицуразы ааԥхьарагьы ҟаиҵеит. В завершение встречи он поблагодарил всех за участие и призвал к совместной ответственной работе. Прочитано 164 раз. Последнее изменение 03.06.2025.
Источник: https://apsnypress.info/ru/home/novosti/item/15966-ministr-turizma-astamur-logua-vstretilsya-s-predstavitelyami-ekskursionnykh-organizatsij.
© АПСНЫПРЕСС.