АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Рашәара.2025

Аԥсни Урыстәылеи адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиԥылара рашәарамза 6 рзы, Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуеит.

Аҟәа. Рашәарамза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. 2025 шықәса, рашәарамза 5 – 7 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациаҟа  иофициалтә  ҭаара мҩаԥысуеит.

Рашәарамза 6 рзы Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови реиԥылара

Аганқәа ирылацәажәараны иҟоуп аҩганктәи аԥсны-урыстәылатәи аусеицура иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.  


Read 258 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.