АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 17:42

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҟны имҩаԥысит Ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспора ахаҭарнак Елчин Аӡынба лԥылара

Елчин Аӡынба Женева имҩаԥысуаз Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Афорум 18-тәи асессиаҿы лықәгылара иалацәажәеит. Тема хадас иҟан аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа разхаҵара.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Иракли Ҭыжәба иазгәеиҭеит Елчин лықәгылара ахцәажәара ду шцәырнагаз, Аԥсны абжьы ҿацаӡа жәларбжьаратәи аренаҿы агара шалнаршаз.

Атәыла аинтересқәа рыларҵәараҿы ллагала ду азы, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц иҟынтәи, Елчин Аӡынба иланашьан аџьшьаратә шәҟәы.
Иара убас, ирылацәажәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа рзы Елчин имҩаԥылгаз аворкшоп алҵшәақәа.

Ишьҭыхын аԥсуа жәлар рзинқәа рыхьчареи жәларбжьаратәи афорумқәа рҿы иалахәу аԥсуа експертцәа рхыԥхьаӡара аизырҳареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа.


Read 19 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.