АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 19:10

Аԥсны Урыстәылатәи аусшәҟәқәа рыҭара аанкылара ахҳәаа аиҭеит Михаил Шургалин, абри атәы аанацҳауеит Sputnik Аԥсны

Урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәеи амашьынарныҟәцаразы аршаҳаҭгақәеи ахьрырҭоз аҭыԥқәа Аԥсны иаартын, Аԥсны Ахадеи анапхгареи зықәшаҳаҭыз Урыстәыла Ахада иӡбамҭа шьаҭас иҟаҵаны.

Аусшәҟәқәа рыҭара мҩаԥысуан хәыда-ԥсада, Урыстәылантәи аспециалистцәа адыԥхьаланы, Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра змоу Аԥсны атәылауаа рзы иахьынӡауаз ала иманшәалаз аҭагылазаашьақәа аԥҵан. Аԥсны иахьаҵанакуа Урыстәылатәи Аҩныҵҟатәи аусқәа рзы аминистрра аусзуҩцәа рыҟазаара ареспублика азакәанԥҵара иаҿагылаӡом, жәларбжьаратәи апрактика иақәшәоит.

Аха жәабранмза 4 рзы, атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Жәлар Реизара аилак аилатәараҿы адепутатцәа гәыԥҩык, ҷыдала Кан Кәарҷиа (ашьҭахь уи ахҳәаа азҭаз), Урыстәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рзы аминистрра Амиграциатә маҵзура аспециалистцәа Аԥсны рыҟазаара азиншьаҭазы агәыҩбара аадырԥшит, ихьыԥшым аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа рҽалагалара ауп иаанагоу ҳәа азыԥхьаӡаны.

Убри аҟынтә Урыстәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рзы аминистрра анапхгара иаӡбеит Аԥсны аҵакыраҿы аусшәҟәқәа рыҭара аанкылазарц, ҳәа ациҵеит ацҳаражәҳәаҩ.

Ацҳаражәҳәарҭа адыррақәа рыла урыстәылатәи атәылауаҩра рымоуп 190 нызқьҩык рҟынӡа Аԥсны ауааԥсыра. Убри аан урҭ реиҳараҩык Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи атәылауаҩшәҟәқәа рымаӡам, уи аҳәынҭқарратә маҵзурақәеи асоциалтә зинҷыдақәеи рахь рнеира ԥнакуеит. Уажәшьҭа атәылауаҩшәҟәы роур рылшоит Урыстәыла адгьылҵакырҿы, 4 нызқь мааҭ инаркны 6 нызқь мааҭ рҟынӡа аҳәынҭқарратә баџь шәатәхоит.


Read 13 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.