Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы, ателеканал «Абаза-ТВ» адиректор хада Руслан Ҳашыг Урыстәылеи Аԥсни русеицура азҵаарақәа ирызкыз астол гьежь аусура ихы алаирхәит.
Ҳашыг иқәгылараҿы ҷыдала ахшыҩзышьҭра аиҭеит Асовет Еидгыла аилаҳара аамҭазы аҩ-тәылак рмасса-информациатә хархәагақәа реинырра аҭоурыхтә аспектқәа.
Ҳашыг еиҭеиҳәеит 90-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны Актәи аканали ВГТРК-и ркорпунктқәа шцәырҵыз, аԥсуа журналистцәа урыстәылатәи амасса-информациатә хархәагақәа аус шрыцыруаз, Аԥсны азы ари аусеицура аҵак ду шамаз, аибашьра аан, аибашьра ашьҭахь раԥхьатәи ашықәсқәа раан ареспублика иазку аиаша ахәаԥшцәа инарҭбааны рызнагара аҵакы шдууз.
Руслан Ҳашыг ҷыдала иазгәеиҭеит ареспублика аҟны акорпунктқәа рышьақәгылараҿы урыстәылатәи ателехәаԥшра иналукааша аусзуҩцәа рроль, дазааҭгылеит Аԥсны ахаҿра аӡыргаразы афедералтә масса-информациатә хархәагақәа аус рыдулара аҵак ду шамоу.
Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы урыстәылатәи амасса-информациатә хархәагақәа Аԥсны арҿиара дадгылаҩуп, аелектронтә еиԥш акьыԥхьгьы. Иара иазиԥхьаӡоит ари уажәтәи аҳәынҭқаррабжьаратә амшхәаԥштә ахырхарҭа хадақәа ируакуп ҳәа. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭоуп атуристтә усхк арҭбаара, аинвестициақәа радыԥхьалара, атуристтә усеицура арҿиара.
«Калининград инаркны Владивостокынӡа урыстәылатәи афедералтә ҭыжьымҭақәа аус рыцура иалнаршоит Аԥсны атуристтә лшарақәа ртәы ажәлар рҟынӡа анагара, аиҭаҳәара», – ҳәа азгәеиҭеит Ҳашыг.
Астол гьежь алахәылацәа Аԥсни Урыстәылеи ринформациа уажәтәи аҭагылазаашьеи, иара убас Аԥсни Урыстәылеи ржурналисттә еилазаарақәа рыбжьара азанааҭтә еимадарақәа аринахысгьы рырӷәӷәара аԥеиԥши ирылацәажәеит.
вчера 0:29






