Хашҭшьа амаӡам 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан шәара ишәылшаз. Урҭ ашықәс хьанҭақәа раан, ахәшәқәеи амедицинатә маҭәахәқәеи рзымхара аныҟаз, ахымца шәаҿагыланы ишәылшәыршаз ухаҿы аагара цәгьоуп: аибашьра адәаҟны ҳаибашьцәа реиқәырхаразы уаҩ илымшоз шәылшәыршон, ахәра ӷәӷәақәа зауаз аԥсра иацәыжәгон. Шәара иаашәырԥшыз афырхаҵара ахааназы Аԥсны аҭоурых аҟны инхоит наунагӡа.
Ҳазҭагылоу аамҭазгьы, акороновирустә пандемиа аан шәара даҽазныкгьы иаашәырԥшит ахачҳара, агәымшәара. Убасҟангьы, аибашьра ашықәсқәа раан еиԥш, шәыԥсҭазаара ашәарҭа ишҭагылазгьы, хамеигӡарак ҟамҵакәа ҳауаажәлар ирылаҵәаз ачымазаара ҿкы бааԥс хаха шәаҿагылеит, шәҩыла ауаа рыԥсҭазаара аиқәырхарагьы шәылшеит.
Агәабзиарахьчара ахаҭабзиара аиӷьтәра атәыла анаԥхгара рнапы иану аусқәа рыҟны раԥхьа идыргыло ахырхарҭақәа иреиуоуп. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит ҳтәыла амедицинатә усбарҭақәа рматериалтә-техникатә лшарақәа реиӷьтәразы.
Ҳаҭыр зқәу амедицинатә усзуҩцәа! Даҽазныкгьы шәзанааҭтә ныҳәа шәыдныҳәало, иҭабуп ҳәа шәасҳәоит шәааԥсаразы. Шәара шәнапы иану аус хьанҭоуп, аҭакԥхықәра ду ацуп. Гәык ала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, анасыԥ. Шәыԥсҭазаара иагымзааит аихьӡарақәа, игәырӷьахәу аамҭақәа!».