АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Рашәара.2025

Герман Арџьениа ахацәа рыбжьара абокс азы Аладатәи Афедералтә Округ ачемпионат аҿы аиааира игеит.

Аҟәа. Рашәарамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Герман Арџьениа ахацәа рыбжьара абокс азы  Аладатәи Афедералтә Округ ачемпионат аҿы аиааира игеит.

Атурнир мҩаԥысуан рашәарамза 10 – 14 рзы  Астрахан ақалақь аҿы. Уи еизнагеит Алада Урыстәыла иреиӷьу аспортсменцәа.

Ахьтәы медал аиуразы Герман Арџьениа ҩ-еиндаҭларак мҩаԥигеит. Афиналбжа аҿы иара Севастопольтәи аспортсмен Кирилл Пономоренко дииааит, афинал аҿы астрахантәи аспортсмен Армен Оганесиан дииааит. Аҩ-еиндаҭларак аӡбаҩцәа еицҿакны ирыдыркылаз азыӡба ала Герман Арџьениа ииааирала ихыркәшахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.

Ари аиааира аспортсмент Урыстәыла ачемпионат аҿы ақәгыларазы алшара инаҭоит.

Герман Арџьениа азыҟаҵаҩцәа Едгар Қриеи Елизбар Џьологәуеи рааӡамҭа иоуп, уажәы иара дазыҟаиҵоит  Гегам Гукасиан.    


Read 248 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.