Иахьа Санкт-Петербург ақалақь аҿы иаатит XXVIII Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум. Уи рхы аладырхәуеит 140 тәыла рҟынтәи 20 нызқь инареиҳаны ахаҭарнакцәа. Афорум аус аулоит рашәарамза 18 – 21 рзы, Санкт-Петербург ақалақь, Аконгресс-цәыргақәҵатә Центр «Експофорум» аплощадка аҿы. Иара 1997 шықәса инаркны есышықәса имҩаԥгахоит. 2006 шықәса раахыс Афорум Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ихылаԥшреи хаҭала иалахәхареи рыла имҩаԥысуеит.
Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә Форум аглобалтә економика, асоциалтә зҵаарақәеи атехнологиақәа рыҿиареи ирыдҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа рылацәажәаразы хра злоу плошьадканы иҟоуп.
Сынтәа Афорум атема хадас иҟоуп «Азеиԥш ҵакқәа – азинеиҟарареи мчык мацара адҳәаламзаареи рыпринцип ала иҳәаақәҵоу жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистема ахьышьақәыргылоу адунеи аҿы аизҳара ашьаҭа». Уи рхы аладырхәуеит 20 нызықьҩык инарзынаԥшуа 140 тәылеи аҵакырақәеи рҟынтәи ахаҭарнакцәа. Аԥсны Апарламент адепутатцәа уажәаԥхьагьы изныкымкәа Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә Форум аусмҩаԥгатәқәа рхы аладырхәхьеит.