АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Рашәара.2025

Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба Алада Ешыра иҟоу ацрыӡрыцқьаратә шьақәыргылагақәа дырҭааит.

Аҟәа. Рашәарамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан иҟоу ацрыӡрыцқьаратә шьақәыргылагақәа ркомплекс агәаҭара мҩаԥигеит.

Аӡымҩахгагеи аӡымҩангагеи егьырҭ амеханизмқәеи рҭагылазаашьа агәаҭара ашьҭахь, Ҭемыр Агрба аԥсахгахәҭақәа рыԥшаареи раахәареи раагареи  арманшәалара алыршаразы адҵа ҟаиҵеит. Абри азы адырра ҟаиҵеит ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба.

Амуниципалтә Унитартә Наплакы «Аӡышьҭра» адиректор Даур Паҷкориа, ацрыӡрыцқьаратә еиқәыршәагақәа абжьааԥнытәи арежим ала еиԥҟьарада аус руеит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Аҟәа ақалақь зегьы аҟынтәи ацрыӡқәа Алада Ешыра иҟоу ацрыӡрыцқьарҭа ахь инеиуеит. Араҟа урҭ абиологиатә усдулара иахысуеит. Убри ашьҭахь ауп амшын ахь ианоушьҭхо. Асистема ҭышәынтәаланы аусура алыршара азы амеханикатә ҳәҳәагақәеи аӡхагалагатә агрегатқәеи реиԥш иҟоу амеханизмқәа рыԥсахра аҭахны иҟоуп», — ҳәа еиҭеиҳәеит Даур Паҷкориа.

Ҭемыр Агрба ихымԥадатәиу агрегатқәа раахәаразы аԥара шзоужьхо азгәеиҭеит.

Ацрыӡрыцқьаратә еиқәыршәагақәа уахыки-ҽнаки рыла 70 нызықь кубометр рҟынӡа ацрыӡ аус адулара мҩаԥнагоит. Ацрыӡрыцқьага  2016 шықәса раахыс аус ауеит. Уи аиҭашьақәыргылара Урыстәылатәи Афедерациа афинанстә цхыраарала аус зуа Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара адгылара аҭара Акомплекстә план аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟалеит. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рбиуџьет 600 миллион мааҭ иреиҳауп.


Read 97 times - Асабша, 28 Рашәара 2025 17:22
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.