АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 21:25

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба апроект «Аҭынха. Аҿиара. Акзаара» арккаратә сессиа алахәылацәа ааԥхьаратә шәҟәы рзынаишьҭит

Арҭ амшқәа рзы Шәача имҩаԥысуеит апроект «Аҭынха. Аҿиара. Акзаара» арккаратә сессиа.

Уи рызкуп Урыстәылатәи Афедерациа Аладатәи афедералтә регионқәеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рҟынтәи иҷыдоу арратә операциа аветеранцәа. Асессиа аусура ихы алаирхәит Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа.

Аусмҩаԥгатә аартрааҿы Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа даԥхьеит Бадра Гәынба аиҿкааҩцәеи алахәылацәеи рахь иҟаиҵаз ааԥхьаратә шәҟәы.

Уаҟа иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу афорум алахәылацәа, акыр иаԥсоу аҩызцәа!

Гәык-ԥсыкала аԥсшәа шәасҳәоит зыԥсҭазаара зыԥсадгьыл амаҵ аура иазызкыз, уи аԥеиԥш азы аҭакԥхықәра зхахьы изгаз, аибашьратә еишьара еиднакылаз зегьы.

Ҳара иаҳзеиԥшу аҭоурых анаҩсангьы ҳаиднакылоит аамҭа иԥнашәахьоу акзаара.

Ҳажәлар еснагь рыжәҩахыр еибыҭаны еидгылан, урыстәылатәи рашьцәеи дареи, азеиԥш хықәкқәа рыхьчон, Аџьынџьтәылатә еибашьра ду инаркны иахьа уажәраанӡа.

Лымкаала рыӡбахә сҳәар сҭахәу иҷыдоу арратә операциа алахәылацәа. Шәгәымшәара, шәхачҳара, шәуалԥшьа гәык-ԥсыкала азыҟазаара апатриотизм иаша иаҿырԥшыгоуп. Иҷыдоу арратә операциа иалахәу Аԥсны атәылауаа азеиԥш ус аҿы рлагала ҟарҵоит.

Аԥсны аҳәынҭқарра Урыстәылатәи Афедерациа адгылара анаҭоит. Ҳара ҳаиднакылоит агәрагареи, аидгылареи, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы азеиԥш ҭакԥхықәра шьаҭас измоу иҵаулоу аҭоурыхтә, адоуҳатә, ауаҩытәыҩсатә еимадарақәеи.

Иахьа ихадоуп ари акзаара аиқәырхара, аидгылара, ҳусеицура рӷәӷәо, еицаҳзеиԥшу аԥшьгарақәа нагӡо ԥхьаҟа ацара.

Ишәзеиӷьасшьоит қәҿиарала аусура, агәабзиара ӷәӷәа, ҳажәларқәа реизҳазыӷьаразы аихьӡара ҿыцқәа».

Беслан Бигәаа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран иаҳасабала иҷыдоу арратә операциа аветеранцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит:

«Азин сышәҭ иҭабуп идуӡӡаны ҳәа шәаҳәо, шәыԥсадгьыл ахьчаразы шәхы шәахьамеигӡо азы шәҿаԥхьа ахырхәара. Шәара шәымҩа афырхацәа рымҩоуп. Аԥсҭазаара ахә жәдыруеит, ажәа ахә еилышәкаауеит, шәара ишәывыршьаауан шәҩызцәа, аԥсра абла шәхыԥшылахьеит. Иахьа шәҿаԥхьа сгыланы исҳәарц сҭахуп, ҳара ҳамч ҳакзаара ауп.

Еибашьуа, хымԥада, еибга изҩыда Аиааира рыманы аҩныҟа ихынҳәуеит. Даҽакала ҟалашьагьы амаӡам, избанзар ҳара аиааира згаз жәларуп, Анцәа дҳацуп, ҳара иҳацуп аиаша. Уи адунеи зегьы иадырбеит ҳабдуцәа 45-тәи ашықәсазы.

Зегь ирзеиӷьасшьар сҭахуп агәабзиара, анасыԥ, аҭынчра, шәара даҽаӡәы шәиеиԥшымкәа ижәдыруеит аԥсҭазаара ахә.

Аҩызцәа, шәхи шәҭынхацәеи шәыхьчала, еснагь шәазхиаз шәыдгьыл, шәтәыла азықәԥара.

Ҳажәларқәа еизҳазыхьалааит, ҳфырхацәа рыхьӡ-рыԥша мыӡааит!»

Аусмҩаԥгатә еиҿкаауп иҷыдоу арратә операциа аветеранцәа Рассоциациеи, Урыстәылазегьтәи ауаажәларратә полк «Ԥсра зқәым урыстәыла аполки», Ахада игрантқәа Рфонди рыцхыраарала.

Ихадоу хырхарҭоуп иҷыдоу арратә операциа аветеранцәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи аус рыдулара, Урыстәылеи Аԥсни рыжәларқәа рыбжьара аҭоурых-культуратә еимадарақәа рырӷәӷәара.


Read 20 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.