АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Ԥхынгәы.2025

Астатистиказы Аҳәынҭқарратә Еилакы Аԥсны ауааԥсыра рышәҟәҭагалара амҩаԥгара аҽазыҟаҵара иалагоит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Владимир Делба Аԥсны астатистиказы Аҳәынҭқарратә Еилакы анапхгараҭареи аусзуҩцәеи дырԥылеит. Аилацәажәара тема хадас иҟан Аԥсны ауааԥсыра рышәҟәҭагалара амҩаԥгара аҽазыҟаҵара азҵаара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Аԥыза-министр Аҳәынҭстат аиҳабы Кама Гогьиаԥҳа ауааԥсыра рышәҟәҭагалара амҩаԥгара иазку аусмҩаԥгатәқәа рыплани арыцхәи рзы ажәалагалақәа рыҟаҵаразы анапынҵа лиҭеит.

Аҵыхәтәан Аԥсны ауааԥсыра рышәҟәҭагалара мҩаԥган 2011 шықәсазы.

Иара убас астатистика аганахьала ацифраркратә процессқәа ҷыдала иазааҭгылеит.

Кама Гогьиаԥҳа лажәақәа рыла, еиқәыршәаз аелектронтә статистикатә шәҟәҭагаларазы апрограмма атесттә режим ала аус ауеит.

Уи иалнаршоит аекономикеи, асоциалтә усхки, ауааԥсыра рыԥсҭазаареи ирызку аинформациа иаҳа инарҭбааны оперативла аус адулара, ҳәа илҳәеит Астатистиказы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Кама Гогьиаԥҳа.

Аԥыза-министр ацифраркра астатистикатә дыррақәа рхаҭабзиара аиӷьтәреи реизгара арццакреи, урҭ аус рыдулареи ранализи аҩаӡара ашьҭыхреи шалнаршо азгәеиҭеит.


Read 151 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.