АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Ԥхынгәы.2025

Аҟәа ақалақь аҿы изакәанымкәа ишьақәыргылаз аӡыргатә ԥыракқәа рықәгара иацырҵоит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 31, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳҭнықалақь Ахадара аусбарҭақәа ақалақь аҭеиҭыԥш арҽеиреи «Аӡырга азы» азакәан инақәыршәаны аӡыргатә дырранҵақәеи аԥыракқәеи рышьақәыргылара алыршареи рзы активла аус руеит.  Уажәазы иқәыргеит даҽа жаба изакәанымкәа ишьақәыргылаз аӡыргатә конструкциақәа.

Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп — быжьба Ӡиӡариа, Ешба, Акьыртаа амҩақәа рҿы хазы игылаз, ақалақь аҭеиҭыԥш ԥхазҭазтәуаз аӡыргатә ԥыракқәа.

Аҟәа ақалақь Ахадара ҩаԥхьа ауааԥсыра иргәаланаршәоит аӡыргатә ԥыракқәа рышьақәыргылара иалагаанӡа  хымԥада ишеизгатәу уи азы азин узҭо аусшәҟәқәа зегьы. 

 

 


Read 92 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.