АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Ԥхынгәы.2025

Жәлар-Реизара-Апарламент ф-категориак ирыҵанакуа атәанчаҩцәа рзы ашәарақәа реизырҳаразы рыбжьы арҭеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 31, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы ирыдыркылеит «Ареспублика Аԥсны иҟоу хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа атәанчаҩцәа ртәанчахәы ашьҭыхразы» Ареспублика Аԥсны Азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы азакәан апроект.

 Азакәан апроект иазгәанаҭоит абарҭ атәанчахәқәа рышәагаа абасеиԥш аизырҳара:

I агәыԥ иаҵанакуа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа рзы — 6500 мааҭ, II агәыԥ — 4500 мааҭ, III агәыԥ азы — 3800 мааҭ;

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алахәылацәа рзы — 2500 мааҭ;

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы иҭахаз рҭаацәа рзы — 5000 мааҭ;

I, II, III агәыԥқәа ирыҵаркуа 1979-1989 шықәсқәа рзы Афганистан имҩаԥысуаз арратә усмҩаԥгатәқәа рветеранцәа — 3000 мааҭ;

Афганистан аибашьраҿы иҭахаз рҭаацәа рзы – аусуратә лшара змам аҭаацәара рхаҭарнакцәа рыцыԥхьаӡа рзы — 3000 мааҭ;

I, II, III агәыԥқәа ирыҵанакуа Асовет Ар аҿы арратә маҵзура ахысраан иинвалидхаз рзы — 3000 мааҭ.

Атәанчахәы ашьҭыхра 80-ҩык аҵанакуеит. Ари аус азы иаҭаххоит 3,57 миллион мааҭ, аԥара азоужьхоит Атәанчахәытә фонд аҟынтәи.

 

 

 


Read 61 times - Ахәаша, 01 Нанҳәа 2025 14:28
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.