Аҳәынҭқарра Ахада асасцәа дырԥыло иҳәеит: «Сара сзы гәырӷьароуп иахьа абра, абар шьҭа 23-нтәи имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи афестиваль «Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит» аартра амш аҽны шәбара. Аҳәынҭқарра Ахада ашәаҳәаҩ лыбзоурала иуникалу амузыкатә ҟазара дуӡӡа агәылахалара азы жәлар ироуа алшаразы ҭабуп ҳәа лаҳәо ашәҭқәа ҳамҭас илиркит. «Ари афестиваль иҷыдалкаатәуп, избан акәзар уи ҳҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Владислав Арӡынба дуӡӡа диижьҭеи 80-шықәса аҵра иадҳәалоуп. Иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп ари иналукааша ауаҩы игәалашәара анаунагӡатәразы иҟашәҵо шәлагала азы», - ҳәа иҳәеит иара.
Ахәҭакахьала, Хьыбла Гьерзмаа Аԥсны Актәи Ахада иоуп раԥхьа ари афестиваль амҩаԥгара аидеиа адгылара азҭаз ҳәа иазгәалҭеит, уи иҭабуп ҳәа лҳәеит аҳәынҭқарра аҟынтәи шықәсрыцәа инеиԥынкыланы афестиваль аиҿкаараҿы илоуа ацхыраара азы. «Идуӡӡаны иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп сҩызцәа: аҟыбаҩ злоу Аԥсны аҿар рзы ацхыраара ду ҟазҵо Евгени-Книазев, еицырдыруа апианинорҳәаҩы, Урыстәыла жәлар рартист Денис Мацуеви, жәаҳәарада, амеценат Николаи Ачбеи рганахьала иаашәырԥшуа ахшыҩзышьҭреи агәцаракреи рзы»,– ҳәа илҳәеит лара.
Евгени Книазев, иганахьала Аҳәынҭқарра Ахада аиԥыларазы иҭабуп ҳәа еиҳәеит: «Ҳара аҿар аус рыдааулоит, ашәҟәы ҳауит Аԥсуа театр аҿар разыҟаҵаразы. Сара даара исҭахуп Аԥсуа театр аҿы даара иӷәӷәоу алидертә позициа ыҟазарц, уи аиҭарҿиара аиурц, егьырҭ Аԥсны атеатрқәа раасҭа еиҵамхаларц. Атеатр – ари абызшәа ахьеиқәхо аҭыԥ ауп», – ҳәа иҳәеит Евгени Книазев. «Сара сзы насыԥ дууп даара исызгәакьоу Аԥсны аҟазаара. Сара арахь сааит сани сыԥҳаи сыцны.
«Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит шәыгәҭакқәа зегьы рынагӡара», - ҳәа иҳәеит Денис Мацуев. Иахьа Аҟәа ақалақь, Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа иҟоу аплошьад аҿы XXIII амузыкатә фестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит..." аартра иазкыз аныҳәатә церемониа мҩаԥысуеит.