Хара имгакәа Краснодартәи атәылаҿацә иазыԥхьагәанаҭоит аусурақәа рылагара. Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои апроект ашьақәгылашьа еилыркааит, ахәшьара арҭеит.
Сергеи Кириенко ажәалагала ҟаиҵеит асқьала аиҭашьақәыргылара апроект аҭыԥантәи ауааԥсыра ахәшьара арҭарц азы ирыдгалазарц.
Асқьала еиҭашьақәыргылахоит Урыстәылатәи арегионқәеи, Аԥснытәи абизнеси, В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазеи рыцхыраарала. Уи Аҟәа аԥшаҳәа шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылараразы мҽхакы ҭбаала имҩаԥысуа аусура иахәҭакуп.






