Аминистр иажәақәа рыла, атрагедиазы аинформациа шиоуз еиԥш Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба АҶА анапынҵа аиҭеит, урыстәылатәи рколлегацәа рыҽрымардарц, ирҭаху ацхыраара еилыркаарц.
«Сара Даӷьсҭан аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр сыҽимаздеит. Уажәтәи аҭагылазаашьа ҳалацәажәеит. Аԥсны Ахада инапынҵала ажәалагала ҟасҵеит ауааԥсыра ацхыраара рыҭаразы аволонтиорцәа ргәыԥ ареспубликахь инашьҭызарц», — ҳәа адырра ҟаиҵеит Лев Кәыҵниа.






