АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 15:08

Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩ Васили Квитко дыргәаладыршәеит Аҟәа

Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу Урыстәылатәи Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩы, аполковникеиҵбы Васили Квитко дҭахеижьҭеи 15 шықәса аҵра иазкыз ацеремониа мҩаԥысит Аҟәа.

Васили Квитко дыргәаладыршәарц иааит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Артиом Мотовилов, Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Рустам Латипов, Аҟәа ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡе, урыстәылатәии аԥснытәии аҳәаахьчаҩцәа.

Васили Квитко дҭахеит 15 шықәса раԥхьа, Гал араион Чубурхьинџь ақыҭан. Аҭыԥ планла агәаҭаран аҳәаахьчаҩцәа ргәыԥ ауаа рӷьычреи рырҳәреи знапы алакыз бџьаршьҭыхлатәи абанда иақәшәеит. Аидыслараан ацәгьоуратә гәыԥ ҭархан, аха афицар дызгашаз ахы иқәшәеит. Уи ирратә уалԥшьа аҵыхәтәанынӡа инаигӡеит.

Агәымшәареи афырхаҵареи рзы Васили Квитко данҭаха ашьҭахь ианашьан урыстәылатәи Агәымшәара аорден. Ҳреспублика ашәарҭадаразы афицар илагалазы ианашьан Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳамҭа ҳаракы — «Арратә фырхаҵаразы» амедал (данҭаха ашьҭахь). Афырхаҵа ихьӡ ахуп иқалақь гәакьа Кисловодск ашкол №15.
Мшаԥымза 30, 2009 шықәсазы иҭыжьыз аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәаақәа рыхьчаразы адҵа аҭан Урыстәылатәи Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа.

Аҳәаахьчаҩцәа аус еицыруеижьҭеи изныкымкәа рхатә ԥсҭазаара ахҭынҵаны руалԥшьа анагӡара ишазыхиоу шьақәдырӷәӷәахьан, атәылаҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рыхьчон. Васили Квиткои игәалашәара инаваргыланы наунагӡа ргәалашәара ҳзыгхоит Едуард Нерсесиани Андреи Удальцови.


Read 25 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.