pressadmin-2
IT-школ «Стемлаб» арҵаратә центр адиректор Алмасхан Марколиа ажәалагала ҟаиҵеит зтехнологиа ҳараку абизнес азы азинҷыдақәа аҵарадырра аҿиара иадырҳәаларц
«Афинанстә инвестициақәеи аусурҭатә ҭыԥқәа раԥҵареи рымацара ракәымкәа ашәахтә зинҷыдақәа рыҭара азԥхьагәаҭатәуп. Аилахәырақәа аҭыԥантәи акадрқәа разыҟаҵара иаҿызароуп. Уи иаҵанакуеит ҳҿар рзы аԥышәа аизырҳареи апроекттә уснагӡатәқәа рыӡбара ралархәреи», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Марколиа.
«Ҳара иаҳуалуп аицлабра зылшо аалыҵ аус адулара», – иҳәеит ЗҲәА амобилтә еилахәыра «А - Мобаил» адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Арсоу Ҳашба
Иара иазгәеиҭеит аамҭа Аԥсны ишаднаҵо ари адунеитә хырхаҭа ақәныҟәара. Уи игәаанагарала аилацәажәара иалкаау ашьаҿақәеи ахыдҵақәеи рышьақәыргылара иацхраароуп.
Аԥсны ацифраркра иалацәажәеит аминистрцәа реилазаараҿы
Аинформациатә технологиақәа ралагалара иазкын аԥыза-министр Владимир Делба имҩаԥигоз аилатәара. Уи иалахәын аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә ҿиареи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы анапхгаҩы Роланд Берулаа, Аԥсны раԥхьатәи IT-ашкол СТЕМЛАБ адиректор Алмасхан Марколиа, Баграт Шьынқәба ихьӡ зху аԥсуа бызшәа аҿиара Афонд анапхгаҩы Леуан Миқаа, амобилтә еимадара аоператорцәа рхаҭарнакцәа.
Аҟәа араион Каман ақыҭан гәырӷьарала иазгәарҭеит иԥшьоу Василиск Комантәи игәалашәара амш ҳәа аанацҳауеит Аԥснытәи Аиашахаҵаратә уахәама ателеграм-канал
Изларҳәо ала, аимператор Максимиан Галериа (305-311) имҩаԥигоз ашьҭашәарыцарақәа раан, Римтәи аибашьҩы-ақьырсиан Василиск Христос дахьхаиҵоз азы ааха иоуит, уи иҭынхацәа Евтропии Клеоники дрыцны, иԥшьоу рныҳәарақәа ирыхҟьаны Артемида лбаҟа аныбга ашьҭахь.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика Ахада Казбек Кокови реиԥылара мҩаԥысит
Бадра Гәынба Казбек Коков иҭабуп ҳәа иеиҳәеит лаҵарамзазы Нальчик имҩаԥысуаз аурыс-аԥсуа ҿартә форум амҩаԥгараан аԥсуа делегациа гәыблыла иахьидикылаз азы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокуратура хадеи Урыстәылатәи Афедерациа апрокуратура хадеи аусеицуразы апрограмма рнапы аҵарҩит
Уи иазԥхьагәанаҭоит Урыстәылатәии Аԥснытәии апрокурорцәа ахылаԥшратә усура ахырхарҭақәа жәпакы рыла реинырра, ҩ-усбарҭак русура ацифраркра азҵаарақәа.
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Санкт-Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҿы Никарагуа аделегациа дырԥылеит
Атәыла Ахада иазгәеиҭеит Аԥсны жәлар ишырхамышҭуа, ахә ҳаракны ишыршьо Никарагуа анапхгара Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵаразы иҟанаҵаз аҭоурыхтә шьаҿа.
Санкт-Петербурги Аԥсни русеицура аҳәаақәа ырҭбаахоит
Александр Беглови Бадра Гәынбеи Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҟны иалацәажәеит аекономикеи, аҵареи, аинфраструктуреи, агуманитартә усхки рҟны аусеицура ҳәа аанацҳауеит Санкт-Петербург ахадара адаҟьа.
Жәларбжьаратәи арра-ҭоурыхтә фестиваль «Абиԥарақәа ргәалашәара» аатит Аҟәа
В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аибашьра Ахьӡ-аԥша Аҳәынҭқарратә музеи аҿы Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иалагеижьҭеи 85 шықәса аҵра иазку Жәларбжьаратәи арра-ҭоурыхтә фестиваль «Абиԥарақәа ргәалашәара» аатит.
Аҿар рпарламент актәи ааԥхьара адепутатцәа 19-ҩык шьақәыргылоуп
Аусбарҭа ҿыц ахь адепутатцәа ралхразы акомиссиа аилатәараҿы маӡалатәи абжьыҭирала ишьақәыргылан уи аилазаара.








