АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 1:34

Ашоҭ Хачикиан ишьра инамаданы ашьаусеилыргара хацыркуп.

Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа араион апрокуратура Ашоҭ Хачикиан дишьит ҳәа агәҩара зду Аинар Аҩӡба иганахь ала Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа  1 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура аҟазшьақәа рыла ашьаус хацнаркит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Апрокуратура Хада апресс-маҵзура.

Иҟоу адыррақәа рыла, цәыббрамза, асааҭ 01:20 инарзынаԥшуа,  Аҩӡба Аинар Анзор-иԥа Гәымсҭа ақыҭан иҟоу Аҳәынҭавтоинспекциа агәаҭарҭатә ҭыԥ аҿы Ашоҭ Артур-иԥа Хачикиани иареи рыбжьара аимак ҟалеит, урҭ еибаԥҟеит, уи аамҭазы ижәны иҟаз Аинар Аҩӡба, иавтомашьына «Мерседес-Бенц» (ашәҟәҭагаларатә номер X 777 ТХ)  иҭаз ихьӡала ашәҟәы иҭагалаз, зыхҭаларшә 9х18 мм. инаӡо итапанча Макаров 6769 ала Хачикиан Ашот ԥшьынтә диеихсит.

Зшьаргәацәи зыгәбыцаҟьи ахқәа зықәшәаз Ашоҭ Хачикиан Ареспубликатә хәышәтәырҭахь днаган, аха уи иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны ахәышәтәырҭаҿ дахьнаргаз иԥсҭазаара далҵит.

Цәыббрамза 8 рзы Аинар Аҩӡба  дааныркылеит. Уи Аҟәа араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аамҭала аанкыларазы акамера ахь днагоуп.


Read 23 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.