АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 19:08

Жәларбжьаратәи аекономикатә форум «Аԥсны уаҵәтәи амш ахь аинвестициақәа» аҿы дықәгылеит Сергеи Кириенко

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Урыстәыла ахада Владимир Путин ихьӡала Жәларбжьаратәи аекономикатә форум «Аԥсны уаҵәтәи амш ахь аинвестициақәа» алахәылацәеи, аиҿкааҩцәеи аԥсшәа реиҳәеит.

«Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!
«Аԥсны уаҵәтәи амш ахь аинвестициақәа» захьӡу афорум аҿы шәбара сеигәырӷьоит, уи еиднакылоит Урыстәылеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рҟынтәи амчратә усбарҭақәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа, аексперттәи аусуратәи еилазаарақәа, иара убас аҳәаанырцәтәи асасцәа.

Инаҵшьны иазгәасҭоит: Урыстәыла Аԥсны асуверентә ҿиара иадгылоит, уи аекономикатә ҭышәынтәалареи ашәарҭадареи рырӷәӷәара активла иацхраауеит. Иахьа ҳара иаабоит аусеицура алҵшәа бзиақәа: атранспорттәи атуристтәи инфраструктура рҿыцуп, иҟоуп аенергетикеи, ақыҭанхамҩеи, ахәаахәҭреи русхк аҟны ақәҿиарақәа.

Урыстәылеи Аԥсни русеицура акомплекстә ҟазшьа амоуп, убри аҟнытә ԥхьаҟагьы ахырхарҭақәа зегьы рыла ӷьеҩла аусура аҭахуп, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла апроектқәа нагӡалатәуп.

Гәык-ԥсыкала ҳҽазаҳшәоит Аԥсны анхареи аусуреи рзы иманшәалоу ҳәынҭқарраны аҟаҵара.

Агәра ганы сыҟоуп, ҳусеицура алшарақәа акыр ишҳарҭбаауа, хыԥхьаӡара рацәала апроектқәа рынагӡара шҳалшо. Ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәа!»- иҳәеит Сергеи Кириенко.

2026 - 2027 шықәсқәа рзы, 14 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа Урыстәылеи Аԥсни рҳәаа иахысыр рылшоит аиразы аршаҳаҭгақәа рыла.

Абри аҩыза аӡбамҭа иацы идикылеит Урыстәыла ахада Владимир Путин. Абри атәы иҳәеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.

«Сгәанала, уи иалнаршоит ԥсшьара ҳәа Аԥсны иаҭаауа рхыԥхьаӡара аизырҳара», - иҳәеит Кириенко.

2026 – 2030 шықәсқәа рзы 20 млрд мааҭ Аԥсны иазоужьзарц азы аӡбамҭа идикылеит Урыстәыла ахада Владимир Путин.

Арҭ аԥарақәа азырхахоит Аԥсны аинвестициақәа иҷыдоу акредит аҭара.


Read 30 times - Ахәаша, 03 Мшаҧы 2026 17:03
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.