pressadmin-2

pressadmin-2

Ацеремониа рхы аладырхәит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, Аԥсны ахада Бадра Гәынба, уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, Ареспублика Башкортосҭан Аҳәынҭқарратә Еизара ахантәаҩы Андреи Назаров.

Аиааира 33 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз апарад аҿы иҟаиҵаз ааԥхьараҿы Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны жәлар рықәԥара напхгара шаиҭоз амилаҭтә ԥхьагыла, Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба, уи иааигәара игылан Аԥсны Арбџьармчқәа напхгара рызҭоз, зыхьӡ наунагӡа ҳиааира аҭоурых ианылаз ар рԥызацәа хьӡырҳәагақәеи акомандирцәеи.

Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира 33 шықәса ахыҵра амш аҽны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә арратә Ахьӡ-аԥша амузеи аҿы аинтерактивтә експозициа «Афырхаҵа имҩа» аартра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә даҭааит.

Ацеремониа рхы аладырхәит Аԥсны Ахада Бадра Гәынба, уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков, Ареспублика Башкортосҭан Аҳәынҭқарратә Еизара ахантәаҩы Андреи Назаров, аиҳабыра, Жәлар Реизара адепутатцәа, аибашьра аветеранцәа, Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ранацәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш аламҭалазы Гәымсҭа аӡиас хыхьтәи ацҳа азааигәара 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз аибашьцәа ирызку еиҭашьақәыргылаз амемориал аартра мҩаԥысит.
Ацәыргақәҵа Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара акультуратә диалог атрадициа иацнаҵоит, еиднакылоит афедералтә музеиқәа хәбеи арегионалтә музеиқәа хԥеи рҟынтәи аурыс ҿыханҵа арҿиамҭақәа 35.
Цәыббрамза 30 рзы Аԥсны иазгәанаҭоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш. Аныҳәа аламҭалазы «Аԥсныпресс» акорреспондент диҿцәажәеит Нхыҵ-Кавказтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз Аслан Абаев, уи Аҟәа ахақәиҭтәреи, иеибашьратә мҩеи, Аԥсны иара изы изгәакьоу ҩнны изыҟалази ирызкыз игәалашәарақәа ҳацеиҩишеит.

Аусмҩаԥгатә аартра иалахәын: Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба, Аҟәа ахада Ҭемыр Агрба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Тарас Ҳагба, Гәылрыԥшь араион ахада Саид Ҳаразиа, Аҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти русқәа руы Аусбарҭа анапхгаҩы Ельза Ҳагба, Ауаажәларратә палата алахәыла, Аԥсны амҵәышәмпыл Афедерациа ахылаԥшратә хеилак ахантәаҩы Ераст Агмалов, Ауаажәларратә палата алахәыла, Сергеи Багаԥшь иԥа Зураб Багаԥшь, Аԥсны амҵәышәмпыл Афедерациа апрезидент Владимир Алани, аконцерн «Росенергоатом» ҳаамҭазтәи аспорттә технологиақәа рцентр аспорттә директор Владислав Воронин.

Ахьӡ-аԥша апарк аҿы 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.

«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!
Ишәыдысныҳәалоит Аԥсны жәлар зегьы рзы аҵак ду змоу Аҟәа ахақәиҭтәра Амш!
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026 Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.