АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 0:36

Лаҵарамза 10 рзы Маиҟәаԥ имҩаԥысыз Ахада иаԥхьахәқәа рзы ашахмат ласы иаарту атурнир Ахраҿа даԥсахеит Нестор Багаҭелиа

Аԥсуа шахматасҩы драцлабуан 2008 шықәсазы иизи , урҭ иреиҵбызи арԥарцәа. Нестор аа-партиак реихшьалақәа рыла аԥхьахәтә ҭыԥ игеит ҳәа аанацҳауеит аспорт азы Аҳәынҭқарратә еилакы апресс-маҵзура.

Атурнир еизнагеит иӷәӷәаӡоу ашахматасыҩцәа, аспортсменцәа қәыԥшцәа реиԥш атитул змоу ахәмарыҩцәагьы. Урҭ иреиуоуп жәларбжьаратәи агроссмеистерцәа ҩыџьа, жәларбжьаратәи аҟазацәа ԥшьҩык, ФИДЕ аҟазацәа хҩык.


Read 91 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.